Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. К.Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ», Б.Галаев ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи ансамбль «Симд», нанҳәамза 26 рзы Цхьынвал ақалақь аҿы аконцерт «Аҩызара акәашара» еицымҩаԥыргоит. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра Урыстәылатәи Афедерациа ала азхаҵара амш 15-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкхоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
«Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Омар Ҭарба иажәақәа рыла, аколлектив 11 номер рыла иҟоу апрограмма ду еиқәнаршәеит. Аахыҵ Уаԥстәыла ахәаԥшцәа ирбар рылшоит абарҭ акәашарақәа: «Аԥсны аныҳәатә», «Исламеи», ауаԥс жәлар рыкәашара «Симд», «Аҟама ала акәашара», «Ашьхарыуаа рыкәашара», «Ауараа рыкәашара», ахореографиатә поема «Аиндаҭлара», «Аҭыԥҳацәа рыкәашара», уҳәа убас иҵегьи.
Омар Ҭарба ишазгәеиҭаз ала, агастрольқәа рахь ицараны иҟоуп 50-ҩык рҟынӡа. Арҭ амшқәа рзы арпетициақәа мҩаԥысуеит.
«Уажәы даара активра злоу асезон ҳамоуп. Ҳара Аԥсны иахьаҵанакуа мчыбжьык ахь ҩ-концертк мҩаԥаагоит, аамҭак ала Цхьынвал имҩаԥысраны иҟоу, даара аҭакԥхықәра зҵоу ақәгылара ӷәӷәала ҳҽазыҟаҳҵоит. Артистцәа уажәы ирымоу аџьабаа акыр идууп, аха зегьы ргәалаҟазаара даараӡа ибзиоуп. Агастрольқәа ҳара ҳзы – ари ҿамҩак аҳауа цқьа иаҳзаҩызоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.