АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Нанҳәа.2023

Атәылахьчара Аминистрра аҿы асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа разыҟаҵара азнеишьа ҿыцқәа шьақәдырӷәӷәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Атәылахьчара аминистр  Владимир Ануа асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа разыҟаҵара азнеишьа ҿыцқәа «Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа разыҟаҵара асистема аҿиара» шьақәирӷәӷәеит.

Асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа акомандаҟаҵаҩ еиҵбацәа разыҟаҵара акурсқәа Аҟәатәи Иреиҳаӡоу Азеиԥшарратә Командаҟаҵаратә Ҵараиурҭа абаза аҿы ишьақәыргылан, урҭ Аԥсны Арбџьармчқәа акадрқәа рзанааҭтә зыҟаҵара асистема иалагалахоит.  

Атәылахьчара Аминистрра асаит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, акурсқәа рхықәкы хаданы иҟоуп – асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа акомандаҟаҵаҩ еиҵбацәа рырра-занааҭтә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра, аҟәшеиҵақәа рҿы азинеиҿкаареи арратә дисциплинеи аԥҟаԥҵәатә ԥҟарақәа рықәныҟәареи хаҭалатәи аилазаара разыҟаҵареи рааӡареи, иара убас иуадаҩу арра-еибашьратә ҭыгылазаашьақәа рҿы рнапаҵаҟа иҟоу аруаа рнапхгараҭареи рхылаԥшреи алыршара рзы рдыррақәа реиӷьтәра.    

Хаҭалатәи аилазаара ркомандаҟаҵаратә зыҟаҵара аҵарашықәс зегьы иалагӡаны имҩаԥыслоит.   Аҵара акурс мызкы иҭагӡахоит. Шықәсык ахь адкыларақәа рхыԥхьаӡара ԥшьба иреиҵахаӡом, аҵаратә гәыԥ аилазаара архәҭақәа рҭаххрақәа рҟынтәи иалкаахоит.

Аҽазыҟаҵара апрограмма ала иазԥхьагәаҭоуп атеориатәи апрактикатәи  аҽазыҟаҵарақәа. Убри аан атеориеи апрактикеи реишьашәалара 30% - 70 % аҵарашықәс аамҭа  инақәыршәаны иҟоуп.

Аҽазыҟаҵара ашьаҭаҿы иҟоуп – иҷыдоу атактикатә ҵаратә дисциплина, Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа инарыгӡо Иҷыдоу арратә операциа аԥышәа ҳасаб азуны абџьари арратә техникеи арра-еибашьратә ҭагылазаашьақәа рҿы рхархәара азы иҷыдоу апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа.

Аҵаратә курсқәа рахь иахыԥхьаӡалахоит еиҳа иазыҟаҵоу, асержантцәа, асҭаршинцәа, аунтер-афицарцәа, уҳәа акомандаҟаҵаҩ еиҵбацәа иахәҭоу, ихымԥадатәиу  адыррақәеи алшарақәеи змоу, азанааҭтә лыԥшаара акомиссиа иахысыз аруаа.

Аҵара акурс ахыркәшамҭаз иазԥхьагәаҭоуп аихшьаалатә аттестациа амҩаԥгара. Уи алҵшәақәа рыла, аҵара иахысыз рдыррақәеи рылшарақәеи комплексла ахәшьара аҭахоит.

Аҽазыҟаҵарақәа Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аҿы еиқәыршәаз аметодика инақәыршәаны имҩаԥыслоит.  Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хада – атәылахьчара Аминистрра архәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи рсержантә еилазаара азеиԥшарратәи аҷыдалкаатәи азыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра, урҭ абжьааԥнытәи арратә маҵзуратә ԥсҭазаара аҿы еиԥш, ҳаамҭазтәи азеиԥшеибашьратә ҭагылазаашьаҿгьы архәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи рнапхгараҭаразы ихымԥадатәиу адыррақәа рыҭара.  

Азыҟаҵарақәа рахь иадыԥхьалоуп еиҳа аҽазыҟаҵара бзиа змоу Аԥсны Арбџьармчқәа Рштаб Хада аспециалитцәеи Аҟәатәи Иреиҳаӡоу Азеиԥшарратә Командаҟаҵаратә Ҵараиурҭа арҵаҩратә еилазаареи.  


Read 163 times - Аԥшьаша, 03 Нанҳәа 2023 21:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.