Ельвира Арсалиа лажәақәа рыла, ахәаԥшцәа А. Чачба (Шервашиӡе), В. Бубнова, М. Шемиакина, В. Контариова, О. Брендель, иара убас ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа рбара азы иуникалу алшара рыман.
Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада В.Г. Арӡынба Ифонд ахада Светлана Џьергениа иҟалҵаз адгыларазы иҭабуп ҳәа лҳәеит.
Апроект «Акультурақәа рдиалог» анапхгаҩы Баҭал Кобахьиа игәаанагарала, хазхаҭалатәи аколлекциақәа рҟынтәи аусумҭақәа есымша Аԥсны иҟаӡам, убри аҟнытә «урҭ ара иҟанаҵы, хымԥада иӡыргалатәуп».
Аӡыргара ашьҭахь аизакхьӡынҵа аекземплиарқәак аколлекционарцәеи асахьаҭыхҩцәеи ирызшахеит. Ԥыҭрак ашьҭахь имҩаԥысит иҳаҩсыз ашәышықәса 70-80 ашықәсқәа рзы инхоз Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рыԥсҭазаара иадҳәалоу акультуратә феномен аҭҵаара иазкны аԥсуа сахьаҭыхыҩ Адгәыр Ӡиӡариа илекциа.