pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 30 шықәса раԥхьа жьҭаарамза 22 рзы,  ақырҭуа гвардеиццәа Аԥснытәи архив Хадеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә Институти рыблит.  Аԥсны архив Хада ацәыӡқәа акыр идуун. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа инаркны Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәа, ашәҟәқәа, афондқәеи архивтә материалқәеи зегьы аиҭашьақәыргылара алымшо иблит. 

Аҟәа.  Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Адоктор Шаталов ихьӡ зху Арегионалбжьаратәи зтехнологиа ҳараку абла амикрохирургиа адиагностикатә комплекс 15 усуратә мшы рыла 1287-ҩык рыблабара адиагностика мҩаԥыргеит, ҳәа иаанацҳауеит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. 

Зегьы реиҳа ауаа рыблабара гәарҭеит цәыббрамза 27 - 29 рзы Очамчыра ақалақь аҿы– 250 – ҩык.

Очамчыра араион Кындыӷ, Тамшь, Кәтол, Ҷлоу ақыҭақәа рҿы  цәыббрамза 30 инаркны жьҳаарамза 2-нӡа 195-ҩык апациентцәа рыблабара гәарҭеит.

Ҭҟәарчал ақалақь аҿы жьҭаарамза 3 – 5 рзы  292-ҩык апациентцәа рыблабара адиагнотика мҩаԥган.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 30 шықәса раԥхьа жьҭаарамза 22 рзы,  ақырҭуа гвардеиццәа Аԥснытәи архив Хадеи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә Институти рыблит.  Аԥсны архив Хада ацәыӡқәа акыр идуун. XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжа инаркны Аԥсны иҭыҵуаз агазеҭқәа, ашәҟәқәа, афондқәеи архивтә материалқәеи зегьы аиҭашьақәыргылара алымшо иблит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Нестор Лакоба имемориалтә музеи аиҭашьақәыргылара иазку апроект анагӡара иалаху архитектура-ргыларатәи еиҿкаарақәеи аиқәыршәаратә еилазареи рхаҭарнакцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

«Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанбеи  аилазаара «Интерпроект» ахаҭарнакцәеи атәыла аԥыза-министр амузеи ахыбреи уи аекспозициатә хәҭеи  лаԥшылатәи апроекти имҩаԥысуа аргылара-монтажтә усурақәеи рзы адырра ирҭеит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭавтоинспекциа аусбарҭа ачарақәа рыура аамҭазы амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара ахылаԥшра ҷыда анаҭалоит.  Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иазгәарҭеит ас-еиԥш аусмҩаԥгатәқәа аҭахханы ишыҟалаз ачаратә кортежқәа иҽеим рхымҩаԥгашьа афактқәа  аҭыԥ ахьрымоу иахҟьаны, насгьы ачарақәа раан ахымцабџьар ала еиԥхьытта иахьхысуа азы.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Баҭал Агрба иазгәеиҭеит ҷыдала ахылаԥшра шымҩаԥыргало автопатрульқәа, урҭ рнапы иануп ачаратә кортеж  иацу амашьынарныҟәцаҩ  иганахьала амҩатә ԥҟарақәа реилагара аҭыԥ  анаиу аамҭазы  автотранспорт аанкылара аԥҟара еилазго аҭакԥхықәра рақәыршәара азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иара убасгьы изакәанымкәа ахымцабџьар аныҟәгара афактқәа раарԥшра ахылаԥшра ҷыда аҭахоит. Ашәҟәы иҭагалоуп аныҳәатә ныҟәарақәа раан ачара асасцәа ажәҩанахь абџьар рханы ианхысуаз, насгьы дара ирыхҟьаны амҩа-транспорттә машәырқәа аныҟалалоз.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аблабара адиагностика азы еиҭаҵуа акомплекс жьҭаарамза  24 - 25 рзы Афон Ҿыц ақалақь аҿы аус аулоит. Уи шьақәыргылахоит ахәышәтәырҭа аҿаԥхьа абри аҭыӡҭыԥ ала: Ладариа имҩа, аҩнеихагыла № 7.

Жьҭаарамза 21 – 23 рзы аҳақьымцәа аус рулоит Гәдоуҭа ақалақь араионтә хәышәтәырҭа Хада иахьаҵанакуа.

Апациентцәа рыдкылара мҩаԥыслоит асааҭ 09:00 инаркны асааҭ  17:00 рҟынӡа. Адкылара хәыда-ԥсадоуп.   

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр аҿы аконкурс «Аԥсны агәадура – 2022ш.» аҿы хҩык аиааира згаз алкаахеит.

Актәи аҭыԥ ааникылеит Валери Џьынџьал. Уи ипроект ашколхәыҷқәа рыбжьара ихадоу амедицинатә дыррақәа рыларҵәара иазкын. Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит – Гал араион ашәахтә инспекциа аусзуҩ Лев Буава. Уи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аусшәҟәқәа реикәыршара ацифровизациа иазкыз апроект адгалара мҩаԥигеит. Ахԥатәи аҭыԥ аҿы дгылоуп – Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аусзуҩ Руслана Гергедаа. Уи лыпроект аҿартә политика аҿиареи анагӡареи иазкуп.

Аконкурс аҿы аиааира згаз аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» ашьаҭала аԥышәахысреи азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра апрограммақәеи рхысра аҿы ацхыраареи адгылареи рыҭахоит.

Аконкурстә комиссиа аилазаара иалан:  Аԥсны ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, афонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьал, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, асахьаҭыхыҩ Ныгәзар Логәуа, атәыла Анапхгара ԥыхьатәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Страничкин, Ауаажәларратә Палата алахәыла, Аԥсны Апарламент ԥыхьатәи Аиҳабы Сократ Џьынџьал.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәылауаҩратә хьчара аобиектқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит иахьа, жьҭаарамза  20 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақьтә Еизара апресс-маҵзура.  

Аилатәара рхы аладырхәит атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа – аминистр иабжьгаҩ, аинрал-маиор Илиа Гамсаниеи акадрқәа русбарҭа анапхгаҩы, амаиор Ҭемыр Кәпалбеи, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра ахаҭарнакцәа – атәылауаҩратә хьчара аҟәша анапхгаҩы Маврики Амҷбеи аҳҭнықалақь абылрацәыхьчаратә отриад аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа, иара убас ақалақьтә Усбарҭа анапхгаҩцәа – Зураб Кобахьиа, Алеқсеи Багаҭелиа, Асҭамыр Матуа, Алхас Кәыҵниеи  Едуард Хашбеи. 

Адепутатцәеи ааԥхьара змаз асасцәеи атәылауаҩратә хьчара аобиектқәа рхыԥхьаӡареи урҭ рҭагылазаашьеи ирыдҳәалоу аинформациа еимырдеит, зыԥшра ҟамҵакәа иӡбатәу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис ацхыраарала аҟәатәи абжьаратәи ашколқәа ҩба – №6 ; №15 рҿы ӡыла аиқәыршәареи асанитар-гигиенатә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи ирызкны  ихацыркыз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахеит.  Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа аҿиареи аусеицуреи рзы Швеицариатәи агентра афинанстә цхыраарала Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) аҟәатәи абжьаратәи ашколқәа рҿы асанитар-гигиенатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәра азы Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан.

Аҟәа. Жьҭаарамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәса жәымз ирылагӡаны Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчара Аусбарҭеи рысзуҩцәа зықь-ҩык инареиҳаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура асаит.

«Аҳәаахьчаратә зана аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара» азы Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә зинеилагарақәа рзы Азакәаеидкыла ахәҭаҷ 190; «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагара» азы Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә зинеилагарақәа рзы Азакәаеидкыла ахәҭаҷ  1901;  «Ареспублика Аԥсны амшынтә ҵакыреи аҩныҵҟатәи аӡытә ҵакыреи рҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара» азы Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 1902 инақәыршәаны, иаанкылоу атәылауаа административтә хьырхәра иақәыршәоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.