pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ азы» азакәан апроект иақәшаҳаҭхеит.  Апроект Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь ахәаԥшразы идәықәҵахоит. Азакәан апроект адгалара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр  Владимир Делба. 

Аԥсны аҳәынҭқарратәии ареспубликатәии абиуџьетқәа ашәагаақәа ԥхынгәымза  28, 2022 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәаз Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план ала иалкаахеит.

«биуџьет ахалашәахәытә шьаҭа ахыԥхьаӡалара ашьақәыргылараан 2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ анагӡара иаҭаз ахәшьара, изҭоу ашықәс азы асоциал-економикатә ҿиара иззыԥшыз аихшьаалақәеи, иара убас 2022 шықәса, ажьырныҳәамза-цәыббрамза  азы ареспубликатә биуџьеҭ анагӡара аихшьаалақәеи ҳасаб азун», – ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.

 

2023 шықәсазы Аԥсны Аҳә́ынҭқарратә биуџьеҭ апараметр хадақәа:

Ахашәалахәқәа –  12 489 657,2 нызықь мааҭ,

Ахарџьқәа рыла аицҵалыҵ– 14 165 530,9нызықь мааҭ, аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адифицит – 1 675 873,7 нызықь мааҭ.

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу  ахашәалахәытә хәҭа азеиԥш шәагаа 9 622 244,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраарагьы уах иналаҵаны:

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара хықәкыс иҟаҵаны–3 734 689,7нызықь мааҭ;

2023–2025шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәа рымҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны –1 215 000,0 нызықь мааҭ;

2023–2025шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәаақәа ирҭагӡаны аекономика аусхкқәа рҿы аҳәынҭқарратә цхыраара иазку аусмҩаԥгатәқәа рфинанстәра хықәкыс иҟаҵаны –180 000,0 нызықь мааҭ.

2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ ахарџьтә хәҭа иазԥхьагәаҭоуазеиԥш шәагаа аицҵалыҵ 11 298 118,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ адифицит ашәагаа  1 675 873,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡар ҟалоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы Гәылрыԥшь араион Ахадара Дранда ақыҭан, Леон имҩала иҟоу 11 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл  «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи «арекреациатә зкызаара « змоу адгьыл актегориа ахь аиагареи анаҩс уи Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу илазаара  «БЕЛАН 2018» ахь асанатор-курортә хыбрақәа рыргалара азы аҭара азы иҟанаҵаз ажәалагала иақәшаҳаҭхеит. 

Аминистрцәа Реилазаара Гәылрыԥшь араион Ахадара иҟанаҵаз даҽа жәалагалакгьы иақәшаҳаҭхеит. Уи зызкыз Бабышьра ақыҭан ( Актәи Урчатәи амҩа ала) 2,92 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл «ақыҭанхамҩа иазку адгьыл» акатегориа аҟынтәи  «арекреациатә зкызаара змоу адгьыл» акатегориа ахь аиагареи,  2,08 га рҟынӡа инаӡо адгьыл «аԥшаҳәа иаԥну адгьыл» акатегориа аҟынтәи «азкызаара адгьыл» акатегориа ахь аиагареи, анаҩс уи Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу илазаара «Вудстоун С.А.» ахь асанатор-курортә хыбрақәа рыргалара азы аҭара. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аинформациатә фотоагентра ««Аԥсныпресс - АРТФ» 25- шықәса ахыҵра иазкын афотоҭыхҩы, агентра анапхгаҩы Владимир Попов ила еиҿкааз арҿиаратә еиԥылара. Аиԥылара ахь ааԥхьара рыҭахеит Аԥсны афотоҭыхыҩцәеи ажурналистцәеи.

Афотоҭыхыҩ ҟаза, еиуеиԥшым ажанрқәа рҿы аус Артур Демченко ҳаамҭазтәи афотосахьа ала амастер-класс мҩаԥигеит. Уи иара убас афототехникеи астудиатә еиқәыршәагақәеи ииашаны рхархәара атәы еиҭеиҳәеит.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы Анапхгарабжьаратәи ахықәкытә Программа «Адемографиа аҿиара - 2022 шықәса» аиҭакрақәа аларгалеит.

Иарбоу аиҭакрақәа есымша Аԥсны инхо, милаҭла иаԥсыуаау аҭаацәа рҿы ахԥатәии уи ишьҭанеиуеи ахәыҷи рираан 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәии аԥаратә цхыраагӡа рызшәара иадҳәалахоит:

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵа ала, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылара» адиректор хада Руслан Тәанба  алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аминирстцәа Реилазаара аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, аиԥылара иалахәыз зфинанстәра ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуа аобиектқәа рҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа иалацәажәеит.  Еиҳа хадара злоу аобиектқәа ирхыԥхьаӡалоуп Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи, Нестор Лакоба Иҩны-амузеи, Дырмит Гәлиа Иҩны-Амузеи, Аҟәатәи амузыкатә ҵариурҭа ахыбра, Аԥсны акәашареи ашәаҳәареи рзы аҳәынҭқарратәансамбль ахыбра, абжьаратә школқәа, Пицунда ақалақь аҿы ахәыҷбаҳча, иара убас Очамчыра араион аҿы  афельшертә пункт, уҳәа убас иҵегьы.

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы абиуџьеҭнҭыҵтәи Афонд 2023 шықәсазы  абиуџьеҭ апроект шьақәнарӷәӷәеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥго, Афонд ахантәаҩы Бакур Бебиа, иааиуа ашықәс азы афонд ала иазоужьхо асоциалтә  ԥаратә цхыраагӡатәқәак рышьҭыхра азԥхьагәаҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳара категориақәак ирыҵанакуа рзы аԥаратә цхыраагӡа ашьҭыхра ҳалҳаршеит, сынтәагьы уи аҩыза аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Афонд аус зуа аҭаацәа рзы ахәыҷы иира азы зныктәи аԥаратә цхыраагӡа ашәагаа 13 нызықь рҟынтәи 22 нызықь аҟынӡа  ашьҭыхра, аус зымуа аҭаацәа рзы  10,2 нызықь  рҟынтәи 17 нызықь мааҭ рҟынӡа азԥхьагәанаҭоит. 

Аҟәа. Абҵарамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны атәылауаа гәыԥҩык аҳәынҭқарратә нхарҭатә фонд аҟынтәи ахатәра аҳасабала анхарҭаҭыԥ рыҭараан ахәԥса ахшәаара аҿы азинҷыда рыҭара азы ақәҵара рыдыркылеит.

Убас азинҷыда рыҭахоит: Умуҭ Агрба, Џьулиетта Аҭружба, Абраскьыл Ачугба, Альдона Џьалагониа, Есма Кәыдба, Хаири Кәтарба, Роланд Папба, Мамука Чазмаа, Хабас Шереметов, Еқрем Ешба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа ахԥатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥылгеит – Аԥсны Ахада Иусбарҭа  аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Н. Р. Ломиа.

«Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект алицензиа аиура, алицензиа аҽҳәара ацҵара азы, иара убас аимадара ахархәагақәеи аимадара амаҵзурақәеи рзы анормақәа реишьашәалара азы адекларациа ашәҟәҭагалара азы аҳәынҭқарратә баџь ашәагаа ашьақәыргылара азы азакәан анормақәа рынагӡара азы идәықәҵоуп», - ҳәа илҳәеит сказала Н. Р. Ломиа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Аманда Касланӡиа/. Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит «2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь. 

Апарламент аконсолидациа зызу 2022 шықәсазы аҳәынҭқарратә биуџьеҭ азеиԥш шәагаа шьақәнаргылеит. Убас – ахәашәалахәқәа рыла уи аицҵалыҵ  12 150 159,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ахарџьқәа рыла уи аицҵалыҵ - 13 655 193,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит 1 505 033,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа «Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ралхрақәа рзы «Аконституциатә закәан аиҭакрақәа аларгалеит. Аиҭакрақәа адепутатцәа рҵарадырратә ценз иадҳәалахеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

«Апарламент ахь ицо ауаа иреиҳау аҵарадырра рымазароуп. Ари даараӡа акыр аҵанакуеит. Апарламент ауа зықәныҟәо азакәанқәа здызкыло аусбарҭа ауп. Сара аҳәара ҟасҵоит абри аиҭакра адгылара ашәҭарц», - ҳәа иколлегацәа рахь ихы рханы иҳәеит Аизара Аиҳабы Лаша Ашәба.

Адепутатцәа еицҿакны ирыдыргалаз аиҭакра азы рыбжьы рҭиит.  

Ирыдыркылаз аиҭакра инақәыршәаны, Апарламент адепутатс далхзар ҟалоит абжьыҭира амш аҟынӡа 25-шықәса зхыҵхьоу, иреиҳау аҵарадырра змоу  Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.