АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Мшаҧы.2023

Мшаԥымза 25 рзы Аԥсны ачарқьазтә бираҟ Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысраны иҟоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 25 рзы Аԥсны ачарқьаз бираҟ Амш азгәаҭара инамаданы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысраны иҟоуп.  

Асааҭ 11:00 рзы Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан адыгааи аԥсуааи реиашьара иазку абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.   

Асааҭ 14:00 рзы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы ахыци ахәымпали рыла ахысра азы аицлабрақәа мҩаԥысраны иҟоуп.

Асааҭ 17:30 рзы - С.У. Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҿы  аиасра алахәылацәа еизоит. Аиасра алагоит – асааҭ 18:00 рзы Аԥсуа драматә театр аҟынӡа. Араҟа адыгатәии аԥснытәии арҿиаратә коллективқәа ықәгылоит.

 


Read 228 times - Ахаша, 26 Мшаҧы 2023 19:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.