АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Мшаҧы.2023

Аслан Бжьаниа: Аԥсынтәыла агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи ҩныс, иара убас иҿыцу ҧсадгьылны ирзыҟалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш азы аерман жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ааԥхьара атекст аҿы иарбоуп:

«Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш.

108 шықәса рнаҩс, ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ихамшҭыхәны иҟалаз арыцхә, харада  индырҵәаз ауаа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Милаҭ еилыхла жәларык ауаа рнырҵәара ариашара зымуа усуп. Ауаатәыҩса ирылшо зегьы ҟарҵароуп ари аҩыза агыгшәыгра ахааназы даҽаџьара иҟамларц азы.

Аԥсны жәлар ари атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара ирыцуп, ҳтәылаҟны дара рхатә хьааиԥш ирыдыркылоит жәларык рхьаа. Агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи Аԥсынтәыла ҩныс, иара убас иҿыцу ԥсадгьылны ирзыҟалеит.

Аԥсни уи анҭыҵи инхо аерман жәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡарақәа, агәабзиара».

 

 

 


Read 446 times - Ашәахьа, 24 Мшаҧы 2023 20:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.