АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Мшаҧы.2023

Аҟәа ақалақь аҿы Османтәи аимпериа аҿы агеноцид иалаӡыз аерманцәа ргәаладыршәеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 24  – аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш ауп.

Адевиз «Иаҳгәалашәоит адҵагьы ықәҳаргылоит» раԥхьаӡа акәны иҟаҵан 2015 шықәсазы, аерманцәа ргеноцид  100-шықәса ахыҵра амш аҽны.  Иара убасҟан Аермантә Апостолтә Уахәама ала ари ацәгьоура хлымӡаах иалаӡыз рканонркра  мҩаԥган.  

Аҟәа ақалақь аҿы агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылагеит асааҭ 9 рзы О. Туманиан ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №9 ахыбраҿы.

Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы ацәашьқәа адыркит. Ашкол аҵаҩцәа  108-шықәса раԥхьа иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ирызкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Агәалашәаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Ерик Рштунии Левон Галустиани.

«Есышықәса, мшаԥымза 24 рзы ҳара ҳҿы Османтәи аимпериа аҿы агеноцид иалаӡыз аерманцәа ргәалашәара иазкны алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥысуеит.  Уи азы агәазыҳәара змоу зегьы ари амш аҽны иаҳзеиԥшу ари ахьаа ҳацеиҩыршарц азы ҳашкол ахь иааиуеит. Ҳара иҭахаз ргәалашәара иазкны ацәашьқәа аҳаркуеит. Асасцәа рзы ацәыргақәҵа еиҿаҳкаауеит.

Алахьеиқәҵаратә митинг ашьҭахь ашәҭқәа кны амшын ахь аиасра мҩаԥгахоит. Анаҩс ҳара зегьы ҳаицны Гаграҟа, аерманцәа руахәама ахь ҳцоит. Араҟа иҭахаз рыԥсы арҭынчра иазкны Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥгахоит», - ҳәа илҳәеит ашкол адиректор Аза Кериан.

Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Левон Галустиан:

«Иахьа  ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, Османтәи аимпериа аҿы Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш. Традициала ишышьақәгылаз еиԥш, иахьа аерман школ ахь иааит ауаажәларра рхаҭарнакцәа.  Ашкол уахьыныҩнало ишьақәыргылоуп аерманцәа ргеноцид азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рбираҟқәа. Хымԥада иазгәаҭатәуп Агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи Аԥсынтәыла иҿыцу ԥсадгьылны ирзыҟалеит. Есышықәса ари амш аҽны аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, Агеноцид иалаӡыз ҳгәалаҳаршәоит», – ҳәа иҳәеит Апарламент адепутат Левон Галустиан.

Ашкол аҿы имҩаԥгаз амитинг ашьҭахь уи иалахәыз зегьы амшын ахь инеины агеноцид иалаӡыз ргәалашәара ахьӡала ашәҭқәа аӡы ихырҵеит.  

Асааҭ 13:00 рзы Гагра ақалақь аҿы иҟоу Аерманцәа рапостолтә уахәама Сурб Аменапркич аҿы Аԥсны иқәынхо аерманцәа рдоуҳатә анцәамаҵуҩы Тер Седрак (Азнавуриан) Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥигоит. Анаҩс ауахәама адәаҿы алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥгахоит.

*** Османтәи аимпериа аҿы аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш есышықәса, мшаԥымза 24 рзы иазгәарҭоит. Османтәи Ҭырқәтәыла аерманцәа хықәкыла рықәхра ХIХ ашәышықәса ахыркәшамҭаз ишалагахьазгьы,  мшаԥымза  24  амемориалтә рыцхә аҳасабала алхра машәыршақә иҟамлаӡеит. Ари амш аҽны, 1915 шықәсазы Сҭампыл ақалақь аҿы иаанкылан, анаҩс ишьын  800-ҩык аерман интеллигенциа ахаҭарнакцәа.  Убас, зеиҳарак усҟан Мраҭашәаратәи Ермантәыла иқәынхоз аерман жәлар аентеллектуалтә елита рӷьырак рыԥхеит. Уи инашьҭархны аерманцәа рышьреи рхырҵәареи иадҳәалаз ахҭысқәа лассы-ласы иҟало иалагеит. Уи анаҩс аерманцәа Ргеноцид ҳәа ахьӡ аиуит.

Традициала ари амш аҽны миллионҩыла аерманцәеи урҭ ргәырҩа рыцеиҩызшо адунеи егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ажәларқәа рхаҭарнакцәеи 1,5 миллион-ҩык рҟынӡа, усҟан адунеи зегьы иқәырхо аерманцәа зегьы рхыԥхьаӡара аҟынтәи абжаҩык  рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз агеноцид иалаӡыз ргәаладыршәоит. Еиқәханы иаанхеит мацара Урыстәылатәи аимпериа аерманцәеи егьырҭ ахԥатәи атәылақәа рахь ицаз аерманцәа-ахҵәацәеи.  Есышықәса ари амш аҽны Ереван ақалақь аҿы шә-нызықьҩыла ауаа амемориалтә хәы ахь ихаланы Иҿымцәаауа амца амҵан атиульпанқәеи аҟәышәҭынқәеи шьҭарҵоит.

Аерманцәа ргеноцид азхазҵаз атәылақәа рахь иаҵанакуеит Австриа,  Аргентина,  Ермантәыла,  Бельгиа,  Болгариа,  Боливиа, Бразилиа,  Ватикан, Венесуела,  Германиа, Бырзентәыла, Италиа, Канада, Кипр, Латвиа, Ливан, Ливиа, Литва, Лиуксембург, Нидерланды, Парагваи, Польша,  Португалиа, Урыстәыла, Шьамтәыла,  Словакиа,  Еиду Америкатәи Аштатқәа,  Уругваи,  Франциа, Чехиа, Чили,  Швеицариа, Швециа.

Аерманцәа ргеноцид азхарҵеит Европа Ахеилак, Европатәи Апарламент, амилаҭ маҷқәа рыхьчареи рдискриминациа аԥхьырҟәҟәаареи рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Акомиссиаеиҵа, Адунеизегьтәи ауахәамақәа Рхеилак, Аладатәи Америка атәылақәа Рпарламенттә коалициа, Лаҭынтәи Америка Апарламент. 

       


Read 543 times - Аҩаша, 25 Мшаҧы 2023 09:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.