АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2023

Мшаԥымза 25 – Аедыгь (ачарқьазтә) бираҟ Амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 25 рзы адунеи зегьы аҿы инхо аедыгьаа  (ачарқьазцәа) аедыгь (ачарқьазтә) бираҟ Амш азгәарҭоит.

Аедыгь бираҟ Амш азгәаҭара аидеиа  иаҵоу аҵакы ажәлар аетнос аҵасқәеи атрадициақәеи амилаҭтә символқәеи акзаареи реиҷаҳареи реиқәырхареи реиҭашьақәыргылареи иадҳәалоуп. Ари абираҟ аҿы – ԥшшәыла ииаҵәоу афон аҿы еихдоу ахҿақәа хԥеи  12 ахьтәы иаҵәақәеи ануп. Аиаҵәақәа 12 ачеркесстә субетносқәа символра руеит, ахҿақәа – адыгатә аимшьҭрақәа рыбжьара аҭынчреи акзаареи.  

Аԥсны Аедыгь бираҟ Амш азгәаҭара иазкны аусмҩаԥгатәқәа шьыжьы инаркны Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан иалагеит. Акциа иалахәыз – аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы, аедыгь диаспора ахаҭарнакцәа, «Адыга Хасе» анапхгараҭара, аҿартә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа аԥсуа-дыга жәлар рыиашьара абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы ахыци ахәымпали рыла ахысра азы аицлабрақәа мҩаԥысуеит. Урҭ рхы аладырхәуеит Аԥсны ахысратә клуб алахәылацәа – зынӡа   28-ҩык.

Аедыгь бираҟ Амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны традициала есышықәса имҩаԥыргоит.

«Есышықәса ҳара аедыгь (ачарқьазтә) бираҟ Амш азгәаҭара иадҳәаланы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿаҳкаауеит. Ари аныҳәа адыга жәлар зегьы рзы аҭоурыхи атрадициақәеи ракзаара иасимволны иҟоуп. Ахәылбыҽха ҳара  С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҟынтәи Аԥсны адраматә театр аҟынӡа аиасра мҩаԥаагарц ауп. Араҟа, атеатр аҿаԥхьа аныҳәатә концерт мҩаԥгахоит, иқәгылараны иҟоуп Аԥсни Адыгееи рырҿиаратә коллективқәа», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахаҭарнак.

Ачарқьаз бираҟ Амш День 2010 шықәса раахыс иазгәарҭоит. Традициала, Ареспублика Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черқьессиа адыгатәи (ачарқьазтә) уаажәларра аконцертқәа, аҽыбӷаҟазаратә хәмаррақәа, автомҩасрақәа, аспорттә еицлабрақәа, уҳәа егьырҭ аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. Иара убас ари арыцхә азгәарҭоит адунеи 50-тәи атәылақәа рҿы ачарқьазтә емигрантцәа рхылҵышьҭрақәа.  


Read 237 times - Аԥшьаша, 27 Мшаҧы 2023 16:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.