Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 25 рзы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы имҩаԥысит Алеқсандр Печерски Ифонд ала иаԥҵоу адокументалтә цәыргақәаҵа «Ниурнбергтәи апроцесс. Москватәи агәаанагарала» аартреи, иара убас арежиссиор Николаи Лебедев иҭихыз асахьаркыратә фильм «Нюрнберг» ахәаԥшцәа дырбареи мҩаԥысит.
Асасцәа рҿаԥхьа иқәгылеит амузеи адиректор Мзиа Беииа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аконсультант Евгени Павлов, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.
Максим Литвинов иқәгылараҿы, Ниурнбергтәи апроцесс иахьа Европа, аиҳарак Украина анацизм аиҭарҿиара иаҿу иднардыруеит Германиа афашисттә ԥхьагылаҩцәа иҟарҵахьаз ацәгьоурақәа ртәы, насгьы урҭ ақәнага ишақәыршәаз деилнаркаауеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражҳәарҭа ахаҭарнакцәа В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи ацәыргақәҵеи акино арбареи рҿы иҟанаҵаз ацхыраара азы иҭабуп рҳәеит.