АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2023

Алхас Кәыҵниа Москва ақалақь аҿы Ахсар Џьиоев диԥылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 25 рзы Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьоеви реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы адипломатцәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи традициала ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа  рҳәаақәа рырҭбаареи рырӷәӷәареи рзы ргәаанагарақәа рҳәеит.

Ацҳаражәҳәарҭа аҿы иара убас ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Москва усуратә визитла иҟоу Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи реиԥылара мҩаԥысит.

 


Read 234 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.