АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Нанҳәа.2023

Шәачантәи Аԥсныҟа идәықәҵахоит адәыӷба «Риҵа».

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 9 инаркны Шәачантәи Аҟәаҟа аныҟәара иалагоит атуристтә дәыӷба «Риҵа».  

Амаршрут мҩаԥыслоит  Алада Урыстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҿы иҟоу ихадоу аҭыԥ ԥшӡарақәа рыла: Роза Хутор, Гагра, Аҟәа, Шәачатәи-аҳаирбаӷәаза, ҳәа адырра ҟанаҵоит «АиФ»‎.

Сынтәа имҩаԥгахоит аԥышәаратә реисқәа хԥа: цәыббрамза 9, жьҭаарамза 28, иара убас абҵарамза 4 рзы. Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы аԥсшьара згәы иҭоу Вологодтәи аобласть ауааԥсыра рзы адәыӷба ала аныҟәара атур (6-мши 5 ҵхи) ахәԥса иалагалоуп.

Атурқәа рыркаара асаит «РЖД Тур» аҿы иҟалоит — урҭ иалагалоуп ақалақь Череповцы аҟынтәи  Шәачанӡа, иара убас шьҭахьҟа Шәачантәи Череповцы ақалақь ахь агьежьра азы аҳаирпланла аԥырра ахәԥса, адәыӷба ала аныҟәара (иалху акласс инашьашәаланы), атуристтә обиектқәа рҭаареи аекскурсиатә программақәа рылахәхареи рзы абилетқәеи.  Хыхь иарбоу амаҵзурақәа зегьы ааизакны аӡәы изы рыхәԥса 50 140 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аҟәеи Гагреи аныҟәаҩцәа ақалақьқәа рбареи аӡиа  Риҵа, аӡиа Иаҵәа, Сталин идача, Аҟәатәи аботаникатә баҳча, уҳәа реиԥш иҟоу уи аҭыԥԥшӡарақәа рҭааразы инагӡаны мышкы аанкыларазы алшарақәа рзаԥҵахоит.  

Аҳазылхратә гәаҭара мҩаԥгахалоит аныҟәараан адәыӷба аҩныҵҟа, аҳәаа ахысра урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы ала иҟалоит. 

 


Read 203 times - Аԥшьаша, 17 Нанҳәа 2023 13:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.