АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Нанҳәа.2023

Леонид Агрба аԥратә спорт азы Жәларбжьаратәи аицлабрақәа «И.С. Исаков Имемориал» рҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Леонид Агрба аԥратә спорт азы Жәларбжьаратәи аицлабрақәа «И.С. Исаков Имемориал» рҿы аихта акласс «Оптимист»  аҿы аиҵбыратә гәыԥ иаҵанакуа арԥарцәа рыбжьара  араӡнытә аԥхьахә игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир мҩаԥысуан нанҳәамза 11- 17 рзы аӡиа Севан аӡымҽхак иахьаҵанакуа ақалақь Севан аиахт-клуб  АФПС аҿы.  

Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аԥратә спорт асекциа аспортсмен Шәача ақалақь еизгоу акоманда аилазаараҿы ахәыҷтәи аԥратә клуб Sail in Sochi, пгт. Сириус ахьӡала дықәгылон.

Фымш рыла аспортсмен 73 еицлабра мҩаԥигеит. Уи азеиԥш зшьа аҿы ахәбатәи аҭыԥ ааникылеит.

Леонид Агрба Аҟәатәи аиахт-клуб «Амра» аҿы аҽазыҟаҵарақәа дырхысит. Иара дазыҟаиҵеит  Владимир Калинин.


Read 212 times - Аԥшьаша, 17 Нанҳәа 2023 13:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.