АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Нанҳәа.2023

Урыстәыла автомҩа аҿы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы атранспорттә инфраструктура аҿиара иалацәажәеит

Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Афедералтә мҩатә агентра аҿы авидео-конференц-еимадара арежим ала аилатәара мҩаԥысит.

Аусшәҟәы аиҩызареи агәылеимабзиареи аусеицуреи анаҩстәи рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны еиқәыршәоуп, уи Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа атранспорттә, аҳазылхратә  инфраструктура аҿиарагьы уахь иналаҵаны, аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә усеицуреи аимадареи рырӷәӷәара иазырхоуп, ҳәа иаанацҳауеит Урыстәыла автомҩа аофициалтә саит.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит урыстәылатәии аԥснытәии аганқәа рхаҭарнакцәа. Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭон Урыстәыла автомҩа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Игорь Костиученко, аԥснытәи – Аԥсны аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиа. Аиқәшаҳаҭра апроект ахәаԥшразы иаԥҵаз аексперттә гәыԥ алахәылацәа реилазаара иалалеит Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, Афедералтә амҩатә агентра, Афедералтә ҳазылхратә Еилакы, Аԥсны аекономика Аминистрра, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы, иара убас иазеинтересу ахылаԥшырҭақәа рхаҭарнакцәа.

Иарбоу аиқәшаҳаҭра апроект иахьатәи аамҭазы аус зымуа Ԥсоу аӡиас иху ацҳа аҿы аужьҭратә лшара аизырҳареи  аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа ахысра еиҳа арманшәалареи рзы амҩатә еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи, иара убас уи анаҩстәи аныҟәгареи азԥхьагәанаҭоит.   Ацҳа иахәҭоу аҭагылазаашьа аҭареи уи анаҩстәи аныҟәгареи Урыстәылатәи Афедерациа ахахьы агара иазхиоуп.

Уажәы автомашьынатә транспорт аҳәынҭқарратә ҳәаа ала аиасра мҩаԥысуеит  2011 шықәсазы анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстәра иабзоураны еиҭашьақәыргылаз ацҳақәа рыла.

 


Read 175 times - Аԥшьаша, 17 Нанҳәа 2023 15:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.