Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашахматистцәа нанҳәамза 27 рзы Адлер ақалақь, аспорттә комплекс «Юность» аҿы имҩаԥысыз ирласу ашахматқәа рзы ахәыҷтәы-қәыԥштәи аиҳабытәи ареитингтә турнир аҿы қәҿиарала иқәгылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Аицлабрақәа ареитингтә гәыԥқәа ԥшьба : А, В, С, D рыла еихшан.
Агәыԥ «D» аҿы имҩаԥгаз жә-партиак реихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ аанылкылеит Софиа Аҩӡба (ақ. Гәдоуҭа), агәыԥ «С» аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Девид Карапетиан (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Аигиуль Џьамавова (ақ. Гагра). Агәыԥ «В» аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Руслан Мықәба (ақ. Пицунда), ахԥатәи аҭыԥ - Сариа Лакоба (ақ. Гәдоуҭа).
Ашахматтә турнир аиҳабацәа рреитингтә гәыԥ «А» аҿы қәҿиарала иқәгылеит Адамыр Кокосқьыр (ақ.Гагра), Георги Георгииан (ақ. Гагра), Дамир Ҳалуашь (ақ. Гәдоуҭа), Илиа Шмаль (ақ. Гагра), Михаил Ҭаркьыл (ақ.Гагра), Армен Топчиан (Гәылрыԥшь аҳабла).
Аицлабрақәа реиҿкаара ахахьы иагеит – Урыстәыла апедагогикатә шахматтә Еидгылара.