АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Нанҳәа.2023

Очамчыра ақалақь аҿы аԥхынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Очамчыра ақалақь аҿы аԥхынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Апроект алахәылацәа аспикерцәа –  Урыстәылантәи жәаҩык арҵаҩцәеи Аԥснытәи хә-ҩык арҵаҩцәеи рыдгалара мҩаԥыргеит.

Аҵара аминистр Инал Габлиа алахәылацәеи аспикерцәеи бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, анаҩс ари апроект ахықәкқәеи ахыдҵақәеи рзеиҭеиҳәеит, иара убас зегьы алҵшәа бзиа зцу аусуреи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит.

«Ҳара ҳкоманда – ари аҿареи аԥышәеи реилаҭәа ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, апедагогикатә наукақәа ркандидат, Москвантәи иааз ахимиа арҵаҩы Владимир Головнер.

«Аԥсны аҵла дуқәа рнаҩс «ауаа дуқәагьы» ыҟоуп», – ҳәа илызцәырҵыз ацәаныррақәа дрылацәажәеит аконкурсқәа «Ашықәс арҵаҩы» алауреат, аиааирагаҩы, Тулантәи иааз алагарҭатә классқәа рырҵаҩы  Надежда  Зиузина.

Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа арҵаҩратә усура иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит. Ашкол асасцәа рзы Очамчыреи Ҭҟәарчали рырҿиаратә коллективқәа алархәны аконцерт мҩаԥган.

Аԥхынтәи ашкол аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит нанҳәамза  28 -30  рзы.

Ахырхарҭақәа «алагарҭатә школ», «абҩарҵәыреи аспорти» рыла атренингқәа мҩаԥыргоит урыстәылатәи арҵаҩцәа, ахырхарҭа «иаԥсыуам ашколқәа рҿы аԥсуа бызшәа» ала атренингқәа –аԥснытәи арҵаҩцәа.


Read 164 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 11:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.