АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Нанҳәа.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Ешба иҭаацәа дрыдышшылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Ешба иҭаацәа дрыдышшылеит.

Адышшылара атекст аҟны ахәҭакахьала иҳәоуп:   

«Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-маиор, ԥыхьатәи атәылахьчара аминистр, Аԥсны Арра-ҳаиртә архәҭақәа ԥыхьатәи ркомандаҟаҵаҩ, В. Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» адиректор хада Виачеслав Ешба иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы гәык-ԥсыкала сшәыдышшылоит.  Виачеслав Ахмед-иԥа иԥсҭазаара алҵра уи иҭаацәа рыдагьы аԥсуа жәлар зегьы рзы цәыӡ дууӡӡоуп.  Виачеслав Ешба ззанааҭтә дырра аҩаӡара ҳаракыз ауаажәларратә авиациа аԥырҩы иакәын, иара Аԥсны Арра-ҳаиртә архәҭақәа реилазаара хада азыҟаҵара аус аҿы илагала дууп.  Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп аԥснытәи авиациа аҿиара. Апатриот иаша Виачеслав Ахмед-иԥа иԥсҭазаара зегьы – ԥсыцқьала Иԥсадгьыл амаҵзура иадҳәалан.

Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илагалақәа рзы иара «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьан. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алагара раԥхьатәи амшқәа инадыркны иара иԥсадгьыл ахьчаразы фырхаҵарыла деибашьуан.  Арратә аԥырҩы иаҳасабала, иара 83 арратә ҵыԥраарақәа наигӡеит. Иара аӷа итехникеи имчқәеи рықәгареи,  иара убас афронт абџьари аџьаԥҳани рыла аиқәыршәареи алиршон. Виачеслав Ахмет-иԥа ауаҩра, ақьиара, аамсҭашәара, уҳәа реиԥш иҟоу иреиӷьу ауаҩы иҟазшьақәа иныԥшуан. Ҳара зегьы ҳзы насыԥ дууп уи еиԥш иҟаз ауаҩы аамҭак азы адунеи ицықәлара, хаҭала идырра. Аԥсны аҵеи иаша ихьӡ кашәара ақәым, уи наунагӡа Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых адаҟьақәа ахьтәы нбанла ирнылеит. Даҽазныкгьы Виачеслав Ахмед-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи срыдышшылоит. Ҳтәыла иқәынхо зегьы шәхьааи шәгәырҩеи шәыцеиҩыршоит. Иԥсы ҭынчхааит! Џьанаҭ гыларҭас иоуааит! Нанунагӡа ҳгәаҵаҿы даанхоит!


Read 192 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 11:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.