АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Нанҳәа.2023

Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкны афотоцәыргақәҵа аатит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҟны 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара иазкны афотоцәыргақәҵа аатит. 

Ацәыргақәҵа еиҿкаахеит «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аиҿкаара ала. Убри аан уи адгылара анаҭеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа.  

«Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи Амш. Аԥсны ари амш 2010 шықәса инаркны иазгәарҭоит. Иара убри ашықәс инаркны ауп хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазкны мҽхакы ҭбаала аусура ианалагаз. Иҭахаз, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадаз  аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩ аексгумациа мҩаԥган. 44-ҩык зхаҭара шьақәыргылаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ рҭаацәа ирыҭахеит. Ари ҳара ҳзы маҷк иадамхаргьы ҳгәы зырҭынчыз, уимоу, егьырҭ хабарда ибжьаӡыз ҳҵеицәагьы рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргыланы доусы рҭаацәа ишрыҭахо азы агәыӷра ҳазҭаз хҭысны иҟалеит», - ҳәа афотоцәыргақәҵа аартуа илҳәеит «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аиҿкаара ахантәаҩы Гәыли Кьычба.

Гәыли Кьычба лԥа, Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба, иара убас акыраамҭа хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡан.

Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵоуп 2022 шықәсазы иҭыжьыз   ашәҟәы «Зразҟы зыцымныҟәаз…» аҟынтәи афаотосахьақәа.   Афотосахьақәа зегьы ираҵаҩуп хабарда ибжьаӡыз рыуацәеи рҭынхацәеи ргәалашәарақәа рҟынтәи ацыԥҵәахақәа.

Раԥхьаӡа акәны арҭ афотосахьақәа цәыргақәҵан 2022 шықәсазы. Анаҩс урҭ амузеи иарҭеит.

Ари ашәҟәы аҭыжьра аԥшьызгаз «Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы» Аиҿкаара ауп. Убри аан ари апроект афинанстәра ахахьы иагеит Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа.  


Read 226 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.