АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Нанҳәа.2023

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәаладыршәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан  хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара ахьӡала нанҳәамза  30 – хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара Жәларбжьаратәи амш аҽны, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.  

Аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аибашьра аветеранцәа, атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

«Иахьа – зԥацәа аибашьраҿы иҭахаз Аԥсны анацәа зегьы рзы даара ихьанҭоу мшуп. Ҳара ҳаҷкәынцәа анышә иахьамадоу шаҳдыруагьы, анышәынҭраҿы ҳнеины уи агәы ҳнапы ақәаҳшьыртә, ацәашьы аҳаркыртә, ҳҵәыуартә еиԥш  алшара шҳамоугьы, ари амш акыр иаҳцәыуадаҩуп.  Аха имаҷымкәа анацәа ыҟоуп уи еиԥш алшара змам, рхәыҷқәа рызқәаҭыԥ ахьыҟоу ззымдыруа. Сара урҭ даара ирыцҳасшьоит. Ахәыҷы иԥсра – ари акала иузхымҽуа хьаа дуӡӡоуп, аҭаацәа рзы итрагедиоуп, аха урҭ хабарда ибжьаӡыз рхыԥхьаӡараҿы ианыҟоу – ари еиҳау трагедиа ыҟам», – ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо илҳәеит Леон иорден занашьоу, аибашьраҿы иҭахаз Валери Ԥачлиа иан Лариса Ԥачлиа.   

Лара хабарда ибжьаӡыз аибашьцәа зхамышҭуа, урҭ ҳаҭырла изгәалазыршәо зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

«Уажәы Аԥсны ихьыԥшым зхы иақәиҭу тәылоуп. Уи азы рхы ақәырҵеит иреиӷьу ҳарԥарцәеи ҳҭыԥҳацәеи. Урҭ згәалазыршәо, есышықәса Ахьӡ-Аԥша апарк ахь иааны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭазҵо зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Уаҳа ахаангьы иҟамлааит аибашьра, ҿыц еиҵагылаз абиԥара аҭынч ԥсҭазаара роуааит», – ҳәа илҳәеит лара.

Абар Раиса Ес-оглы илҳәаз: «Сара даара исцәыуадаҩуп аибашьра атәы аҳәара. Ари аибашьраҿы исыцәҭахеит сыԥшәмахаҵеи 15-шықәса зхыҵуаз сыҷкәыни, егьы сыҷкәын уажәы Украина хатәгәаԥхарала деибашьуеит. Ҳара ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ҳаздырӡом. Аҭынчра ҟалааит ааибашьрагьы нҵәааит. Иуадаҩыз аамҭазы иҳавагылаз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп».


Read 213 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 14:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.