pressadmin-2
Ажьырныҳәамза 1 инаркны Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭааз рхыԥхьаӡара 287 нызықьҩык иреиҳауп, аӡиа Риҵа – 439 нызықьҩык иреиҳауп.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны Г.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс иаҭааз рхыԥхьаӡара 287 076-ҩык рҟынӡа инаӡеит, афинанстә лагалақәа реицҵалыҵ 200 млн 953 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
Алеқсандр Анқәаб Аҟәа ақалақь аҿы игылоу, зҭагылазаашьа амашәыр зхылҿиаар зылшо аҩны аҿы инхо дырԥылеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе имҩала игылоу, зҭагылазаашьа амашәыр зхылҿиаар зылшо аҩны аҿы инхо ауаа дырԥылеит.
Атәыла Анапхгара иарбоу аҩны аиҭашьақәыргылара ахьзалмыршахо инамаданы, инхо ауаа зегьы анхарҭа ҿыц аархәарц азы аԥаратә мыцхәра рыҭарала хазы-хазы рнырхара азы аӡбамҭа аднакылеит.
Аҩнытә комитет ахаҭарнакцәа аԥыза-министр иҿцәыжәо, еиҭамҵуа амазара ахәԥса ахьышьҭыҵуа инамаданы хәыла еиҟароу анхарҭа аахәараҿы иҟалар зылшо ауадаҩрақәа рзы агәҭынчымра аадырԥшит.
Алеқсандр Анқәаб ақыҭауаа алархәны Маркәыла ақыҭаҿы иҟоу ауадаҩрақәа дрылацәажәеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алеқсандр Анқәаб амикрораион Џьумкур (Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа), ахаҭарнакцәа идикылеит. Урҭ абар шьҭа акыр аамҭа зыӡбара залмыршакәа иаанханы иҟоу, километрак рҟынӡа инаӡо Аишьцәа Воуаа рымҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара апроблема аӡбараҿы аԥыза-министр ацхыраара риҭарц иаҳәеит.
Аиԥылара ихы алаирхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вианори Бебиа. Уи уажәаԥхьагьы атәыла Анапхгара ахь ари аҩыза аҳәара ҟаиҵахьан.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Рубен Дилениан игәалашәара иазку аԥкьаҭмпыл азы атурнир хацыркхеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихацыркхеит аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥснытәи Автономтә советтә Социалтә Республика зҽаԥсазтәыз абҩарҵәыреи аспорти русзуҩ Рубен Дилениан игәалашәара иазку атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Атурнир аартра иазкыз ацеремониа аҿы иҟан Аҳәынҭқарратә Еилакы аспорттә ҟәша анапхгаҩы Жанна Занҭариа, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгрес Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла Беслан Кобахьиа, Аԥсны аԥкьаҭмпыл Афедерациа апрезидент Ҭамаз Абӷаџьаа, Аԥсны аԥкьаҭмпыл Афедерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩ Наала Арӡынба, Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны Ареспубликатә школ адиректор, аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа, Аԥсны инхо Аерманцәа рдиаспора ахаҭарнак Артур Чакриан, атурнир аӡбаҩ хада, ареспубликатә категориа змоу аӡбаҩ Саид Бебиа.
Амузыкатә спектакль “Ахьтәы уаԥсцәа” раԥхьаӡа акәны иддырбеит Аԥснытәи адраматә театр аҿы.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы цәыббрамза 5 рзы Мушьни Лашәриа еихьӡыло ипоема ала арежиссиор Мадина Аргәын иқәлыргылаз амузыкатә спектакль «Ахьтәы уасцәа» аԥхьарбара мҩаԥысит.
«Ахьтәы уасцәа» – ари Аԥсны жәлар рпоет раԥхьатәи ипоема ауп. Уи ажәытә бырзентә миф ашьаҭала иҩуп, убри аан автор ари амиф аԥсуа милаҭтә ҟазшьа аиҭеит, уи ианыԥшуа иҟаиҵеит аԥсуа ихәыцшьеи идгьыл ахьчаразы дшазхьиоуи, ҳәа иаҳәоит атеатр иҟанаҵо адырра аҿы.
Ари аспектакль ахәаԥшцәа дырбара Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи инамаданы имҩаԥысит.
Арежиссиор Мадина Аргәын ажурналистцәа дрыҿцәажәо ишазгәалҭаз ала, ари ақәыргыламҭа ала, ари ақәыргыламҭа ала лара ахәаԥшыҩ иҟынӡа иналгар лҭахуп аҭоурыз аилкаареи адырреи иаҵоу аҵакы ахадара. Арҿиамҭа «Ахьтәы уасцәа» аԥсуаа ркультуратә код алоуп, аха лара лгаанагарала, рыцҳарас иҟалаз, уи аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҳа-еиҳа аӡра иаҿуп. Уи лҿаԥхьа хықәкны иқәлыргылеит ари акод цәырганы ахәаԥшцәа дырбара. Арежиссиор лықәыргыламҭа аҿы зеиӷьашьарак аҳасабала ауаа рышьаҭа амырӡра шахәҭоу азы ааԥхьара аныԥшуеит.
Аспектакль азы амузыка иҩит акомпозитор – Тимур Агрба, абалетмеистер – Ерик Ҭырқьба, алашара азы асахьаҭыхыҩ – Илларион Пасаниа, акостиумқәа рзы асахьаҭыхыҩ – Сҭелла Амԥар, асценографиа – Гарри Дочиа.
Аҟәа ақалақь ахада Москва ақалақь аҿы ацәыргақәҵа Сomtrans 2023 даҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо Аҟәа ақалақь Ахадара аделегациа аусуратә визит ала Москва ақалақь аҿы иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.
Ақалақь ахада ицуп уи ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиеи Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.
Иахьа аделегациа цәыббрамза 5 – 8 рзы Урыстәыла аҳҭнықалақь, «Экспоцентр» аҿы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа Comtrans 2023 иаҭааит. Ацәыргақәҵа апартниор хаданы иҟоуп «КамАЗ».
Аҟәа ақалақь Ахадара аҭаххрақәа рзы иҷыдоу атехникеи автобусқәеи раахәаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит.
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы жәларбжьаратәи апрофессионалтә номертә турнир К-1 ачемпион имаҟҿаҳәага занашьахаз Григор Оганиан иԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы жәларбжьаратәи апрофессионалтә номертә турнир К-1 ачемпион имаҟҿаҳәага занашьахаз, Аԥсны акикбоксинг Афедерациа ҭаҷкәымла аисратә клуб «Чемпион» ааӡамҭа Григор Оганиан иԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә Еилакы асаит. Аспортсмен ааигәа, нанҳәамза 18 рзы Таиланд Акралра ақалақь Пхукете аҿы имҩаԥысыз К-1 азы апрофессионалтә турнир аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аиндаҭлара аҿы Германиатәи аспортсмен анакаут ахь дишьҭит.
Григор Оганиан зыкапантә категориа 71 кьыла иҟоу рыбжьара жәларбжьаратәи апрофессионалтә номертә турнир ачемпион имаҟҿаҳәага аиура иҽаԥсаитәит.
«Григор, уареи сареи ҳаибадырра агәахәара ду снаҭоит. Ҳара ааигәаӡоуп уқәгылара ателехәаԥшрала ҳанахәаԥшуаз, уаҟа уара умч-улшара ахьынӡаҳаракыз аабеит, 27-шықәса зхыҵуаз Германиатәи аспортсмен ииааира улшеит. Гәыкала иудаҳныҳәалоит иугаз аиааира. Ҳара ҳаигәырӷьоит уара зегьы ҳбираҟ ахьыдурбаз, ҳаспортсменцәа шаҟа азыҟаҵара бзиа шрымоу», – ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.
Иара аспортсмен иазыҟаҵаҩ Нико Сааков аспортсмен қәыԥш идибалаз аџьабаа азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, ами алшареи ахачҳареи, ас еиԥш иҟоу ааӡамҭацәа рацәаны изеиӷьаишьеит.
Аспортсмен иреспублика азы агәырӷьареи агәадуреи шинырыз азгәеиҭеит.
«Сара аиааира агара ахьсылшаз, среспублика абираҟ ари астадион аҿы ашьҭыхра ахьалыршахаз даара сеигәырӷьоит. Аиндаҭлара маншәаланы, ҳагәҭакқәа инарықәыршәаны имҩаԥысит», - ҳәа иҳәеит Григор Оганиан.
2023 шықәса нанҳәамзазы аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала иахыԥхьаӡалахаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 356,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса нанҳәамзазы аҳазылхратә шәатәқәа раҳасабала иахыԥхьаӡалахаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 356,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан планла иазԥхьагәаҭан 273,7 млн. мааҭ. Аҳазылхратә шәатәқәа рыплантә рбага нанҳәамза, 2023 шықәсазы 356,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Аплантә рбага нанҳәамзазы 130% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Нанҳәамза, 2022 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аҳазылхратә шәатәқәа ралагалара аизак 94,3 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. (нанҳәамза, 2022 шықәсазы – 262,6 млн. мааҭ).
Аԥсуа культура IV Афестиваль «Аԥсны» цәыббрамза 24 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа культура IV Афестиваль «Аԥсны» цәыббрамза 24 рзы Москва ақалақь, абаҳча «Ермитаж» аҿы имҩаԥысуеит.
Афестиваль амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – асасцәа Аԥсны атрадициақәа, амилаҭтә культуреи аҭоурыхи рырдырра, иара убас сынтәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымреи асуверенитети разхаҵара ҟалеижьҭеит 15-шықәса аҵреи азгәазҭо атәыла аҿиара ҳаамҭазтәи асахьа дырбара.
«Истильрку аԥсуа ишҭа-гәара аҿы афестиваль асасцәа аԥсуа жәлар рыбзазара атрибутқәа рбара, амузыкатә инструментқәа рыла ахәмарра, иара убас амилаҭтә деликатесқәа ргьама абареи рылшоит.
«Апоет имҩа»: Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иаатит Мушьни Лашәриа ииубилеи иазку афотоцәыргақәҵа.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, цәыббрамза 5 рзы Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85-шықәса аҵреи апоет ирҿиаратә усура 70-шықәса ахыҵреи ирызку афотоцәыргақәҵа аатит Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы.
Афотоцәыргақәҵа ианыԥшуеит апоет иԥсҭазаара еиуеиԥшым апериодқәа: Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, Евгени Евтушенко, Алеқсандр Твардовски, Андреи Вознесенски, уҳәа реиԥш иҟаз аполитикатәи ауаажәларратәи аусзуҩцәеи еицырдыруа апоетцәеи ашәҟәыҩцәеи иналукааша аҵарауааи иареи реиԥыларақәа, иара убас иҳараку аҳамҭақәа ранашьара иазку ацеремониақәа.
Афотоцәыргақәҵа аартуа Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа, Аҟәа ақалақь аҿы иналукааша аԥсуа поет Мушьни Лашәриа ииубилеи инамаданы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.








