АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Лаҵара.2023

Алхас Кәыҵниа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааколлектив атәыла адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа атәыла адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы иҳәоуп:

«30 шықәса рыла Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра актуалра злоу адипломатиа ахыдҵақәа назыгӡо  зыгәрагоу еиҿкаау амеханизмны аҟалара алшеит. Адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа хадара злоу аусура ашықәсқәа рыла, Аԥсны азы иуадаҩыз аамҭақәа рзы, аԥснытәи адәныҟатәи аполитика ҳастратегиатә ҩыза, ҳпартниор – Урыстәылатәи Афедерациа раԥхьа инаргыланы, Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵарала имаҷымкәа ақәҿиарақәа аиуит».

  

Алхас Кәыҵниа аминистри ахылаԥшырҭа аколлективи ирзеиӷьаишьеит инарыгӡо аҭакԥхықәра зцу адәныҟаполитикатә усура аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡара ҿыцқәеи адипломатиатә иааирақәеи.     


Read 213 times - Амҽыша, 28 Лаҵара 2023 20:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.