Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысуеит Аминистрацәа Реилазаара аконференц-зал ахыбраҟны. Аилатәара ааиртит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи алипломатиатә маҵзура аусзуцәеи Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аҧҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра арыцхә рыдиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа, ҳаҭыр зқәу Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аусзуцәа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәа ахыҵра.
Аԥсуа дипломатиатә маҵзура акыр иуадаҩыз, аинтерес зҵаз ашьақәгылареи аҿиара амҩеи ирнысит. Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аԥҵан аибашьра ашыкьымҭазы, 1993 шықәса лаҵарамза 17рзы.
Амацәаз ҳанҭакыз, аекономикатәи аполитикатәи блокада аныҟаз, Қырҭтәыла аганахь ала ақәыларазы аҽазышәарақәа анцоз, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра имариамыз адәныҟаполитикатә усура мҩаԥнагон.
Есаамҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаԥсаз анапхгаҩцәа аман.
30 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатә интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит. Ҷыдала, ААР аҵак ду змоу алагаламҭа ҟанаҵеит урыстәыла-аԥснытәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны. 2008 шықәсазы ҳтәыла аҭоурых аҟны акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәа жәпаки».
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Аминистрра алагаламҭа дууп жәларбжьаратәи аренаҿы Аԥсны адәныҟаполитикатә позициа арӷәӷәара аус аҟны, арегионалтәи, жәларбжьаратәи аконтекст аҿы иара иақәнагоу аҭыԥ алыршараҟны.
Аҵак ду змоу абри амш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟаполитикатә усбарҭа аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала адипломатиатә усураҟны аихьӡарақәа!».
Аԥснытәи иколлегацәа дрыдныҳәалеит иара убас Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
««Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа,
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи хаҭала шәареи гәыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵра Амш.
Шәара шәнапхгарала адәныҟаполитикатә усбарҭа қәҿиарала имҩаԥнагоит жәларбжьаратәи аренаҟны атәыла апозициа арӷәӷәаразы аусурақәа.
Ҷыдала иазгәасҭоит аԥсуа дипломатцәа рзанааҭтә ҩаӡара, ҳминистррақәа рыбжьара иҟоу аизыҟазаашьа бзиақәа.
Агәрагара сымоуп Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реиҩызареи рышәҭыкакаҷреи, арегион аҿы ашәарҭадареи аҭынчреи рыхьӡала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ишырӷәӷәахало.
Адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәеи, хаҭала шәареи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыҭ, азанааҭтә лшамҭа дуқәа», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара аҿы.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа хада напхгара арҭон Саид Ҭаркьыл, Сократ Џьынџьал, Леонид Лакербаиа, Константин Озган, Игорь Ахба, Сергеи Шамба, Максим Ӷәынџьиа, Виачеслав Чыркба, Даур Ақаҩба.