Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи адипломатиатә маҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30-шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа! Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аппарат хада, ацҳаражәҳәарҭақәа, аҳәаанырцәтәи аусбарҭақәа русзуҩцәа!
Аԥсны Жәлар Реилазаара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра шьақәгылеижьҭеи 30 шықәса аҵра!
Ҳара ҳазгәдууп ҳдипломатиа знысыз хьӡи-ԥшеи згым аҭоурыхтә мҩа. Шәара имҩаԥыжәго аусура ҳреспублика жәларбжьаратәи ахаҿра ашьақәыргалараҟны аҵак ду амоуп, ҳтәылазы илахьынҵаӡбаганы иҟоу азҵаарақәа акыр аӡбоит.
Ҳҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рымҩаҟны акрызҵазкуа ак акәны иҟоуп 1993 шықәса лаҵарамза 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба инапы зҵаиҩыз «Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵара. Аԥсуа дипломатиа апрофессионалтә еизҳара аҳәынҭқарратәра ианыԥшуан, уи арӷәӷәара иацхраауан. Иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раангьы шәара хьаҳәа-ԥаҳәарада атәыла аинтересқәа рыхьчаразы шәгылан.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ҳтәылазы еиҳа иуадаҩыз ашықәсқәа рзы аԥсуа дипломатиа ауасхыр азышьҭазҵаз, уи аусуразы априцип хадақәа аԥызҵаз адәныҟаполитикатә усбарҭа аветеранцәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә усбарҭа аус ауеит адунеи мҽхакы ҭбаала аҽанаԥсахуа аамҭазы, имҩаԥысуа ахҭысқәа гәцаракра рнаҭоит, адипломатцәа рабиԥара ҿыцқәа ишьақәгылахьоу атрадициақәа еихаҳауа ԥхьаҟа иргоит.
Ҳара иаҳдыруеит иахьа ицәырҵуа адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа зыԥшра ҟамҵакәа ишақәҿышәҭуа, аԥхьаҟа иҟаҵатәу ашьаҿақәа рзы алшарақәа шышәыԥшаауа, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра иаку аполитикатә хырхарҭа ақәныҟәара шалшәыршо.
Аус азҟазара, аҭакԥхықәра, аусуралшара – ихадароу шәҟазшьа аҷыдарақәа ируакуп. Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара астратегиатә еидгылареи аусеицуратә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара, егьырҭ атәылақәеи ҳареи иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара акырӡа шәара шәусура иахьыԥшуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа рыла аусураҟны аихьӡарақәа алзыршо акәны иҟоуп Аԥсны Жәлар Реилазаара – Апарламенти Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи ирыбжьоу аусеицура.
Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа! Ҳаҭыр зқәу ҳколлегацәа!
Агәра аагоит Шәара ишәҟазшьоу, гәык-ԥсык ала аус азнеира, шәдыррақәа, шәгәамч аԥхьаҟагьы ҳ- Аԥсадгьыл амаҵ аура ишазкхо.
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ахирра, аихьӡарақәа шәнапы злаку аус аҟны".