АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Лаҵара.2023

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра азгәанаҭоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵан 1992 – 1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы. Лаҵарамза  17, 1993 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба атәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵаразы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.  Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа напхгара арҭон Саид Ҭаркьыл, Сократ Џьынџьал, Леонид Лакербаиа, Константин Озган, Игорь Ахба, Сергеи Шамба, Максим Ӷәынџьиа, Виачеслав Чыркба, Даур Ақаҩба.

Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа зегьы раԥхьаӡа дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. «30 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатә интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит. Ҷыдала, ААР аҵак ду змоу алагаламҭа ҟанаҵеит урыстәыла-аԥснытәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны. 2008 шықәсазы ҳтәыла аҭоурых аҟны акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәа жәпаки» – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҳәеит:  «Аԥсуа дипломатиа аиҿкаареи аҿиареи мҩаԥысуан имариамыз аҭагылазаашьақәа рзы, усҟан адипломатиатә маҵзура аветеранцәа хацәнымырха аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчон.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟоу аԥышәа ҵаҵӷәыс иганы иахьагьы аҳәынҭқарра аинтересқәа ахьчоит, ихырхарҭа хаданы иаԥхьаӡоит:

аусбарҭа аусура аиӷьтәра, аматериал-техникатә еиқәыршәара, аӡбарақәа рыдкылара асистема, жәларбжьаратәи аинформациатә политика арцыхцыхра, Амедиацентр аусура ахацыркра, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, рырҭбаара – Мрагылара Ааигәа, Африкеи Латинтәи Америкеи ртәылақәагьы налаҵаны, иҩызам атәылақәа атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа анырра арҭартә алмыршара, аҿар жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы адгылара рыҭара».

Аминистр адипломатиатә маҵзура аветеранцәа ирбахьаз аџьабаа азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Аԥсуа дипломатиа аиҿкаареи аҿиареи мҩаԥысуан имариамыз аҭагылазаашьақәа рзы, усҟан адипломатиатә маҵзура аветеранцәа хацәнымырха аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчон», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр. Инал Арӡынба Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәылеи Аԥсни реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәара ҷыдала аҵак ду анаҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.   2022 шықәсазы ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы азҵаарақәа рыӡбара иазкны аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит. «Аиҭакра аамҭақәа раан Аԥсны Урыстәыла иавагыланы ииашоу аҭоурых иадгылоит. Иахьа иаҳбарҭоуп иҿыцу адунеитә еиҿкаашьа ашьақәгылара ишаҿу. Ари аҭагылазаашьаҿы адунеитә зхаҵара ҳаурц, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы иахәҭоу аҭыԥ аанаҳкыларц азы аҽазышәарақәа ҟаҳҵоит.

Ҳаҭыр зқәу адипломатиатә миссиа аусзуҩцәа, ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа абри амшныҳәа, агәра шәсыргоит аусбарҭа ԥхьаҟагьы аусура Аԥсны амилаҭтә интересқәа рыхьчара, аҭакԥхықәра, апрогресс шьаҭас ишаиуа.

Сынтәа иҵуеит 30 шықәса Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар аиааира ргеижьҭеи. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит аиҳабыратә абиԥара Аԥсадгьыл ахьҳамоу азы», - ҳәа иҳәеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.

Аԥснытәи адипломатцәа дрыдныҳалеит Аԥсныҟа иааны иҟоу Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада.  Уи Аԥсны анапхгареи аиашьаратә аԥсуа жәлари Никарагуа Ахада, акомандант Даниель Ортега иҟынтәи салам риҭеит. «Цәыббрамза 3, 2008 шықәсазы Никарагуа Ахада Иусԥҟа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара мҩаԥган. Ари аӡбамҭа аԥсуа жәлар ахақәиҭреи ахатәҳәаақәҵареи рзы ргәаҳәара ҳаҭырқәҵарала азнеирала ишьаҭаркуп.   Никарагуа ҩаԥхьа афырхаҵареи агәымшәареи злоу Аԥсны жәлар ишадгыло шьақәнарӷәӷәоит», - ҳәа иҳәеит Денис Монкада. Уи 30 шықәса ирылагӡаны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адипломатцәа  ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи аизҳазыӷьареи рганахьала акыр зҵазуа ароль нарыгӡоит ҳәа иазгәеиҭеит. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳәтәылақәа рхьыԥшымра арӷәӷәара иазкны аусура шацаҳҵо», - ҳәа иҳәеит Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада.

Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев убасҵәҟьа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Ахылаԥшырҭа аиубилеи рыдиныҳәалеит. «Аԥсны адипломатиатә маҵзура аҭоурых уи аҳәынҭқаррара аиҭашьақәыргылара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Ҩыжәижәаба шықәса ирылагӡаны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчараҿы игылоуп, аҭынчра ахьчареи ахьыԥшымра аиқәырхареи рус хәызмаӡам алагала аланагалоит», - ҳәа иҳәеит Ахсар Џьиоев. 

«Нанҳәамза 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура   ҳаамҭазтәи етапны иҟалеит. Ари апроцесс иацҵахеит Никарагуа, Венесуела, Шьамтәыла, уҳәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵарала. Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа ирзеиԥшу аҭоурых адагьы, аимабзиаратә, аидгыларатә еизыҟазаашьақәа еиднакылоит. Ҳара ҳаидызкыло факторны иҟоуп иҿыцу адунеитә еиҿкаашьа ашьақәгылара азы иаҳзеиԥшу азнеишьа», - ҳәа аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы дықәгыло иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Аамҭак ала Урыстәылеи Аԥсни иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хесус Рафаель Саласар Веласкес Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иахь ихы рханы, иара аԥсуа жәлар аинтересқәа рӡыргара азы аҭакԥхықәра ду шиду азгәеиҭеит. «Сара агәра ганы сыҟоуп Шәара шәыхшыҩи ишәылоу аҟыбаҩи ирыбзоураны ари амиссиа шьахәла анагӡара шшәылшо», -ҳәа иҳәеит иара. Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа русқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа аԥшьбатәи адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Синегубов Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иааишьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.  Авидеодныҳәалара аалышьҭит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра акьыԥхьреи аинформациеи рдепартамент адиректор Марииа Захарова. Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы иара убас адныҳәаларатә ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ  Сергеи Шамба,  Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩы Лиудмила Хоџьашвили, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аԥсны Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика  аофициалтә  Хаҭарнакра ахаҭарнак Гарри Кәпалба.  Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба амедал  «Аинрал Ҳаразиа» ианеишьеит. Убри аҩыза амедалқәа ранашьахеит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩцәа Одиссеи Бигәааи Иракли Ҭыжәбеи. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба идҵа ала аиубилеитә медал «Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра – 30 шықәса» ранашьахеит адәныҟатәи аусқәа ԥыхьатәи аминистрцәа: Ҭаркьыл Саид Родион-иԥа, Џьынџьал Сократ Раҷ-иԥа, Лакербаиа Леонид Иван-иԥа, Шамба Сергеи Мирон-иԥа, Ахба Игорь Мураҭ-иԥа, Ӷәынџьиа Максим Харитон-иԥа, Чыркба Виачеслав Андреи-иԥа,  Ақаҩба Даур Вадим-иԥа. Иара убас аиубилеитә медал ранашьан адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа.

Аныҳәатә еизара аҿы еизаз идырбан адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара аҭоурыхи уи аусура актуалра злоу аспектқәеи ирызку авидеоматериалқәа.

Аминистрцәа Реилазаара аҿы еиҿкаан адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазкыз афотоцәыргақәҵа. Араҟа ицәыргақәҵахеит афотосахьақәеи архивтә материалқеи жәпакы. Афотосахьақәа рӷьырак ирнуп атәыла азы акыр зҵазкуа аҭоурыхтә хҭысқәа рылахәхара насыԥс измаз аԥсуа дипломатцәа.

 

 

 


Read 176 times - Амҽыша, 28 Лаҵара 2023 20:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.