Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, нанҳәамза 23 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа иусумҭақәа рцәыргақәҵа «Аӷба шкәакәа» аатит.
Аекспозициа иалалеит 81 инарзынаԥшуа асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа. Асахьақәа ҟаҵоуп аҵыхәтәантәи хы-шықәса ирылагӡаны.
Аҭыхымҭақәа равтор ишеиҭеиҳәаз ала, хы-шықәса рыла иҟаҵоу аусумҭақәа рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳауп иахьа ацәыргақәҵахь инагоу раасҭа. Уажәазы иалху абарҭ ицәыргақәҵоу роуп, урҭ аиҳарак аграфика астиль ала инагӡоуп.
Асахьаҭыхыҩ аҟазадырыҩцәа џьоукы акварель ҿыханҵоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, даҽа џьоукы аграфика ҳәа иашьҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара сгәаанагарала, акварель – ари аграфика злоу ҿыханҵоуп. Акварель аганахьала уахцәажәозар, араҟа иҟоуп даара иҿыханҵаны инагӡоу аусмҭақәагьы, аха иҟоуп аграфикатә ҟазшьа еиҳа изныԥшуагьы. «Ажәытә ҩны аҭыӡқәа» асериа аагозар, уи, жәаҳәарада, аграфика ду ауп. Аха араҟа иҿыханҵоу апеизажқәагьы цәыргақәҵоуп», – ҳәа иҳәеит Баҭал Џьопуа.
Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рылаԥш маахар ауам «Воздушное погребение» ҳәа ахьӡ змоу, аԥсуа аԥсреи аԥсҭазаареи рхаҿы ишаарго атәы зҳәо аграфикатә усумҭақәа рсериа.
«Ари аԥсуа рытрадициатә культура, ииасхьоу аамҭа, иара убас амифологиа акыр изныԥшуа Аԥсны аҭоурых анырреи адырреи ҳзырбоу акакәны иҟоуп. Ус еиԥш аԥсыжра атрадициа зқьышықәсала ишьақәгыланы ишыҟазгьы, ҳаамҭазтәи ауаа рыхдырраҿы ирзаагаӡом», – ҳәа иазгәеиҭеит Баҭал Џьапуа.
Асахьаҭыхыҩ еиуеиԥшым амзысқәа рыла абар шьҭа шықәсқәак ҵуеит хаҭалатәи ацәыргақәҵақәа мҩаԥиимгеижьҭеи.
«Сара аԥсеиҭакра аҳасабала аамҭа схы иасҭарц сыӡбеит. Аус зуан, уажәы урҭ ахәаԥшцәа дырбаразы аамҭа ааит ҳәа сгәы иаанагоит. Феисбуки Инстаграми – ари ишиашоу аемоциақәа раарԥшразы имаҷу аплошьадкақәа роуп. Убри азы сара ацәыргақәҵа амҩаԥгаразы аӡбамҭа сыдыскылеит. Аха уи ус имариам, уи ишахәҭоу аҽазыҟаҵара аҭахуп. Шықәсык-ҩышықәса ирылагӡаны асахьаҭыхыҩ хәыҷы-хәыҷла иусумҭақәа ралԥшаареи реиқәышәареи даҿуп. Ари апроцесс акыр ахшыҩзышьҭа аҭаны имҩаԥгатәуп», – ҳәа иҳәеит автор.
Ацәыргақәҵа аартуа, ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа иазгәалҭеит: «Баҭал Џьопуа сахьаҭыхҩык, уаҩык иаҳасабала дахьынӡаҳараку атәы ус уналасны иузҳәом. Уи адекоратив-напкымҭатә ҟазара, асценографиа, аҿыханҵа, аграфика инапы алакуп. Жәашықәсақәа ирылагӡаны иара иусуралшарала аӡәырҩы иршанхахьеит. Зегьы ирыцку, Баҭал Џьапуа инапы злеикуа иарбан усзаалакгьы, зегьы анс аума-арс аума, аԥсуаа рматериалтәи рдоуҳатәи акультура иадҳәалоуп».
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа убасҵәҟьа асахьаҭыхыҩ хаҭалатәи ицәыргақәҵа аартра идиныҳәалеит.
Ацәыргақәҵа цәыббрамза 3 аҟынӡа аус аулоит.