АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Нанҳәа.2023

Аслан Бжьаниеи Даниил Егорови Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәтә напхгараҭараҟны урыстәылатәи атехнологиақәа рхархәара алшарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит аусуратә визитла Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәахтә маҵзура Анапхгаҩы Даниил Егорови реиԥылара.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәтә напхгараҭараҟны урыстәылатәи атехнологиақәа рхархәара алшарақәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәара иацҵаны имҩаԥысуеит,ҳәа адыврра ҟанаҵоит Аҳынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

 

 


Read 283 times - Аҩаша, 29 Нанҳәа 2023 19:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.