АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Нанҳәа.2023

Агәабзиарахьчара Аминистрра Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада иазоунажьит амедицинатә еиқәыршәага ҿыцқәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара Аминистрра Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада зыхә ҳараку амедицинатә еиқәыршәага ҿыцқәа азоунажьит. Аԥҟарҭатә ҟәша маҷ аҿы ҳаамҭазтәи аҿаҳәарҭатә стол шьақәдыргылеит.

Аԥҟарҭатә ҟәша аиҳабы Иури Рекәаа ишеиҭеиҳәаз ала, аҿаҳәарҭатә стол ахәшәтәырҭаҿ иаҭахны иҟеижьҭеи крааҵуан, избанзар  уаанӡа уа игылаз 30 шықәса ахыҵуан.

«Ари астол ҳара ҳзы ҳамҭа дууны иҟалеит. Уаанӡа ҳхы иаҳархәоз ажәытә аихатәы стол аҳақьымцәа рзы еиԥш иара апациентцәа рызгьы акыр иманшәаламызт. Иаагозар,  мышқәак раԥхьа сара ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа пациентк инапы адаш сӡахуан. Уаанӡа ари апроцедура даараӡа ауаҩы даргәамҵуан, уажәы уи  акыр иманшәаланы имҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит аҳақьым  Иури Рекәаа.

Иара убас, агәабзиарахьчара Аминистрра араионтә хәышәтәырҭа амедусзуҩцәа ирзаархәеит аԥҟагақәеи еиҭаҵуа алампеи.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ишазгәеиҭаз ала, араионтә хәышәтәырҭақәа рҟынтәи Аминистрра ахь инеиуа азыҳәамҭақәа зегьы ирыхәаԥшны излауа ала ирласны ацхыраара ҟарҵоит. «Ҳара мызқәак раԥхьа Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада ҳаҭааит, ахәышәтәырҭа анапхгараҭареи аперсонали ихадоу рҭаххрақәа ирылацәажәеит.  

«Ахәшәтәырҭа аҭаххрақәа рынагӡара аплан шьақәҳаргылеит, уи шьаҿа-шьаҿала излаҳалшо ала инаҳагӡоит. Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа ҳмедицинатә усбарҭақәа зегьы ихадоу рҭаххрақәа рынагӡара шҳалшо ҳәа» - иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Агәабзиарахьчара Аминистрра иара убас Очамчыра араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҟәшагьы ацхыраара ду анаҭеит. Убас, ахшараиурҭатә ҟәша аҳақьымцәа русура еиҳа изырмарио  амедицинатә инструментқәа рызҩыдага аҭоуп.  

Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҟәша аҳақьымцәа русураҿы даҽа уадаҩраны иҟаз – уи мгәаҭа иҟоу ахәыҷи ҿыц ииз амаалықьи ргәеисра ҭазыҩуа аппарат КТГ ауп.  Зцәазтәымыз аҳәса ас еиԥш иҟоу амедицинатә ҭҵаара иахысырц азы егьырҭ араионқәа рахь ицар акәхон. Уажәшьҭарнахыс аҭагылазаашьа акыр аҽеиҭанакит. Мышқәак раԥхьа, иарбоу аппарати ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа рыгәцаракреи  ирыбзоураны  диит зыкапан дуу, 4 кьылак иреиҳау аԥшқа Санель Данелиа.

Араион аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аминистр Едуард Быҭәба араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы азеиԥш ҭагылазаашьа зеиԥшроу гәеиҭеит, апациентцәеи аҳақьымцәеи дрыҿцәажәеит, ахәышәтәырҭа аринахысгьы ацхыраара аҭара шалыршахо агәра диргеит.


Read 508 times - Аԥшьаша, 24 Нанҳәа 2023 16:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.