АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Нанҳәа.2023

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥсеиқәырхаҩцәа ацаҟьа иалҟьаз урыстәылатәи атәылауаҩԥҳәыс деиқәдырхеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥсеиқәырхаҩцәа ацаҟьа иалҟьаз урыстәылатәи атәылауаҩԥҳәыс деиқәдырхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Нанҳәамза 22 рзы, аҵх акыр ицаны, Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭан  10 метрак рҟынӡа аҳаракыра змаз ацаҟьа далҟьеит урыстәылатәи атәылауаҩԥҳәыс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аԥсеиқәырхаҩцәа амашәыртә хҭыс шыҟалаз азы адырра шаароузҵәҟьа аҭыԥ ахь амҩа иқәлеит.  Урҭ 22 сааҭи 25 минуҭи рзы ҵаҟа илбааны ацаҟьа иалҟьаз аԥҳәыс 28 шықәса зхыҵуа Сабина Михаилова ахьаахҽыга лылаҵаны асакаса данҵаны автотрассахь дкылыргеит.  Анаҩс уи   аҳақьымцәа дрырҭеит.

Уажәы Сабина Михаилова Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы дышьҭоуп.


Read 529 times - Аԥшьаша, 24 Нанҳәа 2023 17:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.