Ахәҭакахьала, Сергеи Стрельченко, Аԥсни Урыстәылеи рзы 15 шықәса мыцхәы идуцәам ҽҳәароушәа иубоит. «Аха ари 15 шықәса ирылагӡаны ҳаӷацәа рҿагылара алыршан. 15 шықәса ахьыԥшымра – ари ҵабыргны зеиӷьаҟам рыцхуп. Сара даара сеигәырӷьоит арҭ ашықәсқәа зегьы шәареи ҳареи ҳаидгыланы ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы иҳалшо зегьы ахьыҟаҳҵо. Анцәа имчала Аԥсны ахьыԥшымра 50-шықәса ахыҵрагьы уажәы иҟоу аилазаараҿы ҳаицаԥылартә еиԥш алшара ҳауо иҟалааит», – ҳәа иҳәеит Сергеи Стрельченко.
Уи ари акабинет аҿы уажәаԥхьагьы аиԥыларақәа мҩаԥигахьан ҳәа иазгәеиҭеит. Жьҭаарамза 2008 шықәсазы Апарламенттә Еизара аҿы еицҿакны Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент анаԥшыҩ истатус аҭаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Уи нахыс аофициалтә усеицура хацыркын.
«Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа шәара шәахь, имҩаԥыжәго аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы ҳаауеит, алхрақәа раан есымша анаԥшыҩцәа раҳасабала урҭ ҳхы ралаҳархәуеит, иарбоу апроцесс ииашоу ахәшьара аҳҭоит, аобиективла ахҳәаа ҟаҳҵоит. Шәара шәделегациақәагьы изныкымкәа Мински Москвеи имҩаԥысуаз ҳсессиақәа рхы рыладырхәхьеит. Ҳара есымша шықәсырацәа инеиԥынкыланы Апарламенттә Еизара инанагӡоз аусура иалагӡаны иҳарҳаз ҳԥышәала аимадара ҳазхиоуп. Иара шәаргьы ишәҿаҳҵааша жәаҳәарада имаҷымкәа иҟоуп, аиҳарак алхратә процесс амҩаԥгареи егьырҭ аусушьақәеи рганахьала», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Стрельченко.
Иара Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Москваҟа, абиуџьети асоциалтә зҵаарақәа жәпаки рыхәаԥшра иазкны ааигәа имҩаԥгахо асессиа ахь ааԥхьара риҭеит.
«Сара сгәаанагарала Шәара шәзы аитерес аҵалоит уаҟа имҩаԥысуа зегьы лабҿаба абара. Иааиуа ашықәс азы гәахәарыла ҳажәзыԥшуп Минск ақалақь аҿы», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Сергеи Стрельченко.