АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Нанҳәа.2023

Аԥсны иазгәарҭоит Ацқьа Пантелемон – ахәышәтәыҩцәа зегьы рынцәахәы Имш.

Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, нанҳәамза 9 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә уахәамақәа зегьы рҿы Ацқьа Ааӡабхгаҩ Ахәышәтәҩы Пантелемон иаҳаҭыр азы анацәаныҳәарақәа мҩаԥысуеит.  

Афон Ҿыц, Аԥшьа-Пантелемонтәи аберҭыԥ (ԥыхьа Романаваа рыҩнатә уахәаманы иҟаз) аҿы ашьжьымҭан аныҳәатә нцәаныҳәара мҩаԥысит. Уи мҩаԥигеит архимадрит Дорофеи (Дбар). Анаҩс аџьар кны аисра мҩаԥысит. Аберҭыԥ аҿы еизеит хыԥхьаӡара рацәала ақьырсиантә динхаҵара  ныҟәызго аҭыԥантәи ауааԥсыра, иара убас Урыстәылантәи иааз аԥсшьаҩцәеи аҭыԥшьаныҟәаҩцәеи.

Аԥшьа-Пантелемонтәи аберҭыԥ - ари Аԥсны иҟоу аиашахаҵаратә ныхабаақәа иреиҳау ауп. Уи знык ала иакуеит х-нызықьҩык рҟынӡа ауаа. Афонҿыцтәи аберҭыԥ Аныхабаатә Уахәама 1888 – 1900 шықәсқәа рзы ацқьа ааӡабхгаҩ Пантелемон-ахәышәтәҩы иҳаҭыр азы архитектор   Николаи Никонов ипроект ала иргылан.  

Ари Аныхабаа ашьапы акра аан раԥхьатәи ахаҳә араҟа рнапала ишьҭарҵеит  аимператор Александр III аимператрица Мариа Федоровнеи. Пантелемон-ахәышәтәҩы – Иаса Қьырса иапостолцәа дреиуан, уи  ҳера I ашәышықәса аҩшамҭазы Аԥсны Анцәа иажәа рылаирҵәон.

Иара аҵыхәтәан агәаҟԥсра идикылеит. Римтәи алегионерцәа  Анаҟәаԥиа (Ҳаамҭазтәи Афон Ҿыц) ақалақь аҿы дыкны акыр дыргәаҟны ихы хҵәаны дыршьит.  Пантелемон-ахәышәтәҩы иара уааҵәҟьа анышә дамадоуп. Аԥшьаҩы анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы иахьа уи иаҳаҭыр азы иргылаз аныхабаа ақалақь иалаҳәҳәо игылоуп.

Иахьа, нанҳәамза 9 рзы, ахәшә злыҵуа аҵиаақәа зегьы ихәышәтәыгоу амч рылалоит ҳәа ирҳәоит ажәлар рҿы.


Read 153 times - Аԥшьаша, 24 Нанҳәа 2023 14:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.