
pressadmin-2
АРЕСПУБЛИКАТӘ ХЫҶТӘЫ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АВТОМАШЬЫНА ҲАМҬАС ИАРҬЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ахархәаразы иарҭеит автомашьына – минивен «Noah». Уажәшьҭарнахыс уи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа апациентцәа ацхыраара рыҭара азы ахархәара аиулоит, ҳәа иаанацҳауеит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Уажәраанӡа ари амедусбарҭа амашьына амаӡамызт.
Автомашьына ацаԥхақәа иарбоу ахәышәтәырҭа аҳақьым хада лнапынҵақәа назыгӡо Инесса Камлиа лнапы иаиркит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Амашьына Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала иаахәахеит.
ВАДИМ АНҚӘАБ ИԤААРА ИНАМАДАНЫ АШЬАУӶАТӘ УСЕИЛЫРГАРА АӠБАРҬА АХЬ ИДӘЫҚӘҴОУП .
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион Апрокуратура ауаҩы иԥаара афакт ала ашьауӷатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны заатәи аусеилыргара хнаркәшеит.
Чачибаиа С.В., Агәмаа В.В., Гвазаа Т.М., Носов Н.В., Барзаниа Р.З. Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 160, ахәҭа 3, пункт «б», ахәҭаҷ 119, ахәҭа 2, апунктқәа «а», «б», «ж» инарықәыршәаны, (заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала гәыԥҩык ауаа ақьар аиура хықәкыс иҟаҵаны, ауаҩы игәабзиареи иԥсҭазаареи ашәарҭара иҭазыргыло амчымхарала, амазара ду ампыҵакра азы мчыла амхра азы ауаҩы иԥаара) ацәгьоура азы ахара рыдҵоуп.
Барзаниа А.В., Абӷаџьаа Р.Ш. Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 318 ахәҭа (ихьанҭоуи даара ихьанҭоуи ацәгьоурақәа заанаҵтәи изақәыргәыӷмыз рыҵәахра азы) инақәыршәаны ацәгьоура азы ахара рыдҵоуп..
Аусеилыргара Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа ахь ахәаԥшразы идәықәҵоуп.
АҲҬНЫҚАЛАҚЬТӘИ АШКОЛ №3 АҾЫ АҼАЗЫҞАҴАРАТӘ АЗЫҨБЖЬЫ ГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҿы аҽазыҟаҵаратә абылрацәыхьчаратә азыҩбжьы геит. Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи излауа ала ирласны уаанӡа ишьақәыргылаз аевакуациа амаршрутқәа рыла ашкол ахыбра идәылҵыр акәын.
Убри аан аҭыԥ аҿы иҟаз Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аевакуациа апроцесс шаҟа ирласны, ииашаны имҩаԥысуа азы ахәшьара арҭон.
Апрактикатә ҽазыҟаҵарақәа раԥхьа атеориатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган. Араҟа амцарцәаҩцәа арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи егьырҭ аҵараиурҭа аусзуҩцәеи инарҭбааны ирызнаргеит абылра аҟалараан ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа.
АҴАРА АҞӘШАҚӘА ИРЫҬОУП 23 НЫЗЫҚЬ ИНАРЕИҲАНЫ АԤСНЫ ИҬЫЖЬУ АРҴАГАШӘҞӘҚӘА.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра ақалақьқәеи араионқәеи рҵара аҟәшақәа ирзоунажьит Аминистрра аҿаҵа ала Аԥсны иҭыжьу арҵагашәҟәқәеи урҭ ирыцу аусуратә тетрадқәеи, иара убас ахәыҷбаҳчақәа рзы алитература, аԥсуа алфавит зну аплакатқәа (500 екземплиар), аԥсуа бызшәа аҵаразы ацхыраагӡтә хархәагақәа, уҳәа убас иҵегьы.
1-тәи – 4-тәи аклассқәа рзы ашәҟәы «Акласснҭыҵтәи аԥхьара» атираж – 2 000 екземплиар аҟынӡа инаӡоит.
Аурыс школқәа 5-тәи, 10-тәи, иара убас 11-тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы арҵагашәҟәқәа ртираж – 1 000 екземплиар аҟынӡа инаӡоит, 4-тәи акласс азы – 800 екземплиар.
7-тәи акласс азы арҵагашәҟәы «Аурыс литература» ҭыжьуп 3000 екземплиар рыла.
1 500 екземплиар рҟынӡа инаӡоит 1-тәи, 2-тәи, иара убас 3-тәи аклассқәа рзы аусуратә тетрадқәа «Иааҳакәыршаны иҟоу адунеи». Аԥсуа школқәа, 3-тәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо рзы арҵагашәҟәы "Ахатәы бызшәа» ҭыжьуп 1500 екземплиар рҟынӡа инаӡо атираж аманы.
Аиашаҩырақәа №№ 1,2, 3 ,4 – ртираж 1500 цыра рҟынӡа инаӡоит.
АКУЛЬТУРА АМИНИСТР ДАУР АҚАҨБА АУСУРАТӘ ВИЗИТЛА НИКАРАГУА ДЫҞОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәанмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Никарагуа акультура аминистр Луис Алонсо Моралес иааԥхьарала, Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ԥхынҷкәынмза 1 рзы аусуратә визитла Никарагуа даҭааит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Актәи аусуратә мшы азы атәыла акультура аминистр Луис Алонсо Моралес, Рубен Дарио ихьӡ зху атеатр адиректор Рамон Родригес, амилаҭтә синематика адиректор Иданиа Кастилио, акреативтә економика Аинститут адиректор Камила Ортега рԥыларақәа мҩаԥысит.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХАДАРА АҴАРАДЫРРА АУСБАРҬА АҾЫ АШКОЛҚӘА РДИРЕКТОРЦӘА АҴАРАТӘ УСУРА АЗЫ РХАҬЫԤУАҨЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 1 азы, ашколқәа рдиректорцәа аҵаратә усура азы рхаҭыԥуаҩцәа алархәны аусуратә еилтәаара мҩаԥылгеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Аилатәара аҿы азеиԥшҵараиурҭақәа рҵаратә ҟәша аиҳабацәа русура еиуеиԥшым аспектқәа, ирылацәажәеит, арҵаҩ ҿарацәа аус рыдулара азҵаара иазааҭгылеит.
АСИДА ШЬАҞРЫЛ АПАРЛАМЕНТ АҾЫ АԤСНЫ АКОНСТИТУЦИА АНОРМАҚӘА РЕИЛАГАРА АЗЫ АЖӘАХӘ АҞАҴАРА ЛГӘЫ ИҬОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ҳажәлар ртәылауаҩратә зинқәеи рхақәиҭрақәеи, уи адгьылҵакыра акзаареи, акьымсреи рзы хәдықәҵара зуа Аԥсны Аконституциа анормақәа реилагара азы ажәахә ҟаҵо дықәгылараны дыҟоуп.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АКАТАСТРОФАҚӘА РМЕДИЦИНА АЦЕНТРИ АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РМИНИСТРРЕИ АУСЕИЦУРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РНАПЫ АҴАРЫҨУЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа Москваҟа иусуратә ҭаара алҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лев Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟны иҟоу Аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә Академиа даҭааит. Араҟа аҵара рҵоит аԥснытәи акурсантцәа. Аминистр Академиа анапхгараҭара дрыҿцәажәеит, акурсантцәа рҵара амҩаԥысшьеи рыбзазаратә ҭагылазаашьақәеи дрызҵааит.
Иара убас Н.И. Пирогов ихьӡ зху Амилаҭтә медика-хирургиатә Центр амедицинатә катастрофақәа рзы Афедералтә Центр аплошьадка аҿы Лев Кәыҵниа акатастрофақәа рмедицина азы Афедералтә Центр анапхгараҭара дырԥылеит.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АФЕДЕРАЛТӘ ЕИЗАРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АХАНТӘАҨЫ ИХАҬЫԤУАҨ СЕРГЕИ НЕВЕРОВ ДЫЗЛАХӘЫЗ АИԤЫЛАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урытәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов дызлахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҩ-ганктәи аусеицура иадҳәалаз азҵаатәқәа.
Аизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳаракы азгәаҭаны, аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит, астратегиатә еидгылара арӷәӷәара иамоу аҵакы. «Ҳара аҵак ду аҳҭоит Аԥсны Апарламенти Аҳәынҭқарратә Думеи русеицура. Гәахәара дуа ҳацклаԥшуан Аԥсны аделегациа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аҭаара. Жәаҳәарада, ари ҳаиашьареи ҳаиҩызареи ртәы аҳәоит»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
АВТОШКОЛҚӘА РҾЫ АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА АЗЫ АХЫДҴАҚӘА РӶӘӶӘАХОИТ.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба ахаша, абҵарамза 30 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы «Иҳәынҭқаратәым аҵарадырратә усура алицензиа аҭара азы» аԥҟара аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы ажәалагала ҟаиҵеит. Ажәалагала амашьынарныҟәцаҩцәа автотранспорттә хархәагақәа рныҟәцара ахь рынашьҭра азы аҽазыҟаҵарақәа рхаҭабзиара аҩаӡара ашьҭыхра иазкуп.
Вальтер Быҭәба автошколқәа рахь иҟоу ахыдҵақәа рырӷәӷәара хымԥадатәуп ҳәа иԥхьаӡоит.