АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2023

Аекономика Аминистрра аҿы Аԥсны абылтәы аџьармыкьаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахцәажәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аекономика Аминистрра аҿы  Аԥсны абылтәы аџьармыкьаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахцәажәеит.  

Аекономика Аминистрра аҿы Аԥсни Урыстәылеи абылтәы џьармыкьақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьеи уи аҽыԥсахрақәеи ирыцклаԥшуеит. Уаанӡа ишазгәаҭаз ала, Аԥсны анефтаалыҵқәа рыхәԥса ашьҭыҵра ишиашоу ала Урыстәылатәи Афедерациаҿы имҩаԥысуа апроцессқәа ирыдҳәалуоуп.

«Урыстәыла адунеи аҿы иреиҳаӡоу анефть ҭзыжьуа атәылақәа ишреиуагьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы уаҟагьы аџьармыкьа аҿы абылтәы азымхара азҵаара цәырҵит. Аиҳарак ари азҵаара уадаҩны иҟоуп атәыла аладатәи арегионқәа рҿы. Абылтәы азымхара шьақәыргылахеит Астрахантәи, Самаратәи, Саратовтәи, Риазантәи, Ростовтәи, Новосибирктәии Волгоградтәи аобластқәа рҿы, Калмыкиа, Хабаровсктәи атәылаҿацәи Ҟрыми иҟоу абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа жәпакы рҿы абылтәы амарка АИ-95, АИ-92 ахәԥса 10-15 мааҭ ацлеит. Тула ақалақь аҿы ишьақәыргылан абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы аиуристтә хаҿқәа мацара ишрызҭарҭәоз,  92 –тәи абылтәы акәзар, уи аталлонқәа рыла ишҭарҭәо шьақәыргылахеит», – ҳәа иаҳәоит аҳәамҭа аҿы.. 

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра абылтәы ахархәараазы аҭаххрақәа реизҳара, урыстәылатәи анефтусдуларатә зауад дуқәа асезонтә усурақәа рзы раркра ашьҭахь, иара убас ҭагалантәи аҽаҩра аҭагалара аамҭахәҭеи Аладатәи Урыстәыла иҟоу алогистикатә проблемақәагьы уахь иналаҵаны,  аҭирахьы ицәыргахо абылтәы амҽхак акыр иагхеит, убри зегьы ааизакны, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи аграртә усхкы аҿы аус зуа зегьи иаалырҟьаны абылтәы ахәԥса ашьҭыҵреи уи азымхареи иақәшәеит. Иҟоу адифицит иахҟьаны, иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аихамҩала абылтәы аагара аамҭа ҩынтә иазҳаит. Убас ала, Москватәи абылтәытә Ассоциациа адыррақәа рыла, Москва ақалақь аҿы аус зуа абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа рҿы адизельтә былтәы азеиԥш аизакылаҭиратә хәыԥса ҩынтә рҟынӡа иазҳахьеит.

Иара убри аамҭазы, абылтәы АИ-95 Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи атауар-аӡатә биржа аҿы ахәԥса аҭоурыхтә рекордқәа шьақәнаргылоит.

«Урыстәылатәи абылтәы џьармыкьақәа рҿы ишьақәгылаз адефицит инамаданы, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ҳколлегацәа рыҿцәжәарақәа реихшьаалақәа рыла, Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩуп, аха даара ицәгьангьы иаабом.  Ахылаԥшырҭа иамоу адыррақәа рыла абылтәы аагарақәа ирыдҳәалоу аҭагылазаашьа ацклаԥшразы алшара аԥнаҵоит. Аминистрра аҿы зыԥшра ҟамҵакәа иӡбатәу азҵаара – адефициат ашьақәгылара алмыршара азы ирылшо зегьы ҟарҵоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аминистрра аҳәамҭа аҿы.

Цәыббрамза  12 азы аекономика Аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны анефтьҵәахырҭақәа рҿы иҟоу анефтаалыҵқәа рымҽхак 2 624 тонна адизельтә былтәи 3510 тонна абылтәи рыла ишьақәгылоуп.

Атәыла аекономика Аминистрра иара убас иҟанаҵо адыррақәа рыла, 3067 тонна абылтәы (Аԥсны абылтәытә џьармыкьа алахәылацәа рҟынтәи еидкылоу рдыррақәа) ахә шәоуп, идәықәҵоуп, амҩа иқәуп.  


Read 161 times - Ахаша, 13 Цәыббра 2023 00:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.