«Москватәи аԥсуа диаспора» ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Руслан Ҳагбеи анагӡаратә директор Даур Барганџьиеи аҿар Москватәи аԥсуа Диаспора аԥҵара аҭоурых, уи инанагӡо аусуреи ҳаԥхьаҟа азы иамоу азԥхьагәаҭарақеи, уҳәа ртәы рзеиҭарҳәеит. Актәи акурс астудентцәа иара убас рџьынџьуаа – аԥснытәи астуденттә аидгьылтәрақәа рхантәаҩцәа ирабадырит. Жәларбжьаратәи Аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи Аҳәынҭқарратә Институт (Ауниверситет) арҵаҩы еиҳабы Амина Агрба астудентцәа Москватәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара ҷыдарақәас иамоу атәы рзеиҭалҳәеит.
Аиԥылара иара убас иалахәыз Ацҳаражәҳәарҭа адипломат Ренат Бениа еизаз аҿар иргәалаиршәеит Ацҳаражәҳәарҭа аҿы астудентцәа реихьӡарақәа даара ахшыҩзышьҭра шарҭо, насгьы ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿгьы ирылшо ала ацхыраара рыҭара ишазхиоу азгәеиҭеит.