АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2023

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Акассациатә коллегиа Аҟатәи ақалақьтә Еизара аӡбамҭа азинмчы аԥыхразы Аҟәатәи аӡбарҭа иаднакылаз азыӡба ԥсахрада ааныжьразы аӡбамҭа аднакылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 12, 2023 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа Аҟәатәи аӡбарҭа рашәарамза 29, 2023 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭа азы иалеиҵаз акассациатә зашшра ала административтә усқәеи административтә зинеилагарақәеи рзы Акассациатә коллегиа аилатәара  мҩаԥысит.   Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апресс-маҵзура.

Аус ахәаԥшра алҵшәақәа рыла, Тарба О.Р. (ахантәаҩы), аӡбаҩцәа Адлеиба Е.А., Цушба М.С. (Цушба М.С иҷыдоу агәаанагарала) зеилазаараҿы иҟаз Акассациатә коллегиа, актәи аинстанциа аӡбамҭа ԥсахрада иааннажьит.  Иарбоу аӡбамҭа инақәыршәаны, Аҟәа ақалақь Ахадара азыҳәамҭа иақәшаҳаҭхеит, иара убри ала Аҟәатәи ақалақьтә Еизара Аҟәа ақалақь аплан Хада ашьақәырӷәӷәара ҟалаанӡа уи иарбоу аҵакырақәа ирҭагӡаны шьаҭанкылатәи аргыларақәа рзы азин аҭара зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа рыҭара аанкыларазы абҵарамза 12, 2009 рзы иаднакылаз аӡбамҭа  № 126 (369) азинмчы аԥыхразы аӡбамҭа аднакылеит.

Аҟәатәи ақалақьтә Еизара 2009 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭа №126 инақәыршәаны, аидарамҩангагатә баӷәаза инаркны аԥшаҳәа инаваршәны Басла аӡиас аҟынӡа, иара убас амшын инаркны Имам Шамиль, Аҭынчра (Аиааира) апроспект,  Лакоба имҩа аҟынӡа шьаҭанкылатәи аргыларазы азин аҭара аанкылахон. Аӡбамҭа №127 иарбоу аҵакыра аҿы иргылахо ахыбрақәа раҳаракыра 16 метра ирҭанагӡон.


Read 173 times - Ахаша, 13 Цәыббра 2023 01:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.