Иара убас аганқәа рхаҭарнакцәа аусеицуразы аҭагылазаашьақәеи еицырзыфеидоу аусеицуратә еизыҟазаашьақәеи рышьақәгылара азы алшарақәа раԥҵара ахьалацәажәо аиԥыларақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аҿы Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи аусдкылаҩцәа рԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата анапхгаҩы Ҭамила Мерцхәлаа Аԥсны ҩымштәи усуратә визитла иаҭааз Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи имаҷууи ибжьаратәууи аусдкылара асубиектқәа рхаҭарнакцәа дырԥылеит. Абизнес-миссиа икоммерциатә аиҿкаара «Ставропольтәи атәылаҿацә аҟны аусдкылара адгылара аҭара Афонди» Нхыҵ Кавказтәи абизнес Апалатеи иҟарҵаз адгыларала имҩаԥысуеит.
«Ас еиԥш амиссиақәа Урыстәылатәи Афедерациа арегионқеи Аԥсни ирыбжьоу аимабзиаратәи аусуратәи аизыҟазаашьақәа ирылҵшәаны иҟоуп. Ҳара излауа ала ирацәаны аусдкылаҩцәеи аинвесторцәеи ҳреспублика ахь раара ҳазҿлымҳауп», - ҳәа асацәа дырԥыло инаҵшьны иазгәалҭеит Ҭамила Мерцхәлаа.
Лара, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ареспублика акыр аҽеиҭанакит, араҟа аусура ҟалоит иагьахәҭоуп ҳәа иазгәалҭеит.
«Ҳара ҳреспублика ахь аҭыжьреи амаҵзуреи ркультура ҿыц аазго, анаплак ҿыцқәа аазыртуа ауаа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, избан акәзар уи зегьы ҳекономика аҿиаразы акыр ихымԥадатәиуп. Ҳҳәынҭқарра аполитика ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи аганқәа зегьы ирзыфеидоу еиуеиԥшым арегионқәа аус рыцура аҳәаақәа рырҭбаара, аусдкылара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Ҭамила Мерхәлаа.
Лара аусуратә мшқәа ҩба ирылагӡаны хра злоу алҵшәақәа раарԥшра шалыршахо, аусдкылаҩцәа зегьы аԥснытәи рколлегацәа феида рзаланы аус рыцура аформа аԥшаара шрылшо азы агәыӷра аалырԥшит.