«Ашәатәқәа зауо рзеиԥш хыԥхьаӡара – 1 150 –ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 23 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.
Уи иарбоу ажәалагала Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа ала атәыла анапхгараҿы еиқәыршәан.
Иҭахаз иҭаацәа иреиуоу ицыԥхьаӡа иазоужьхо зныктәи аԥаратә цхыраагӡатә аицҵалыҵ 20 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иалкаауп абарҭ акатегориақәа:
1) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу аусура злымшо рыцыԥхьаӡа рзы;
2) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәаиреиуоу аусура злымшо рыцыԥхьаӡа рзы;
3) Жьҭаарамза, 1993 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза, 1994 шықәсанӡа хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа иреиуоу аусура злымшо рыцыԥхьаӡа рзы;
4) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоу, иара убас аинвалидразы атәанчахәы аиуразы азин змоу ахаҿқәа.
Иара убас Денис Гәылариа, ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны аинвалидцәеи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәа иреиуоуи ирызшәахо атәанчахәы ашәагаа 2000 мааҭ рҟынӡа, инеиҳангьы иацлоит.
«Ртәанчахәы ацлоит атәанчахәы зауо 11 категориа иаҵанакуа ахаҿқәа – урҭ рхыԥхьаӡара 5 174-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Уи азы инацҵаны иаҭаххоит 125 млн 134 нызықь мааҭ, иааизакны иарбоу ахықәкы анагӡаразы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ – 547 млн. 906 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит. Денис Гәылариа.
Ашәатәқәа зегьы Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахатәы ԥаратә хархәагақәа рхарџь ала имҩаԥгахоит.