Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2023. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 11, 2023 шықәса рзы Гагра араионтә ӡбарҭа 1998 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ Леон Емзар-иԥа Зарандиа, анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны, ҷыдала зыкапан ҳараку, 48,853 грамм рҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар «метадон» изакәанымкәа аахәареи аҵәахреи аиагареи, иара убас гәыԥҩык ауаа заанаҵтәи рцәыҵеицәажәарала зыкапан 0,869 грамм рҟынӡа инаӡо анаркотикатә маҭәашьар «метадон» аҭиреи, иара убас атәылауаҩԥҳәыс Д. Гаиазова ӷәӷәала азарал лыҭарала маӡала атәым мазара аӷьычра азы ахара идҵара азы ашьаус иахәаԥшит.
Леон Зарандиа дыгәҩароуп ҳәа иԥхьаӡоу ацәгьоурақәа рҿы ахара идуп ҳәа иԥхьаӡаны, ахьырхәра аҳасабала 16-шықәса ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы ҭакрала ахгареи 650 000 мааҭ ахараԥса аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы ашәареи иқәҵоуп.
Иарбоу ахаҿы ахарадҵа азакәантә мчы аиуаанӡа ахара идӡам ҳәа дыԥхьаӡоуп.