АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2023

Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа зхаҭара шьақәыргылоу ҩыџьа рыԥсыбаҩ рҭынхацәа рыҭара иазхиоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада Родриго де Резенде Амиссиа аҭыԥантәи анапхгареи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Родриго де Резенде аԥыза-министр «уаанӡа имҩаԥгаз аиԥылараҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа аоперативла рыӡбаразы» иҭабууп ҳәа еиҳәеит. Иара уи иааубаратәы Амиссиа аусура аеффективра ашьҭыхра алнаршеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Родриго де Резенде иҟаиҵаз адыррақәа рыла, уажәы Амиссиа еиқәыршаҳаҭоу асиа ала ауаа анышә иахьамадоу аҭыԥқәа реилкаара, иара убас иԥшааз аԥсыбаҩ ахаҭара ашьақәыргылареи аԥсуа-қырҭуа еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаареи иазку аусура мҩаԥнагоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Уажәы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа зхаҭара шьақәыргылоу ҩыџьа рыԥсыбаҩ рҭынхацәа рыҭара иазхиоуп.  

Алеқсандр Анқәаб даҽазныкгьы Аԥсны Анапхгара Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа аус ацура ишазхио азгәеиҭеит.


Read 154 times - Аҩаша, 12 Цәыббра 2023 22:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.