АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2023

Ҭемыр Ӡыба: ашәарыцара аԥҟарақәа реилагара шьақәыргылоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Традициала ишышьақәгылахьо ала, Аԥсны ачашәара иалагоит. Сынтәа ашәарыцара аамҭахәҭа аатит нанҳәамза 19 рзы. Уи хыркәшахоит иааиуа ашықәс, хәажәкырамза 15 рзы. Убас ала, ашәарыцара аамҭа аамзы ирҭагӡахоит.  

Аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аконтрол-инспекциатә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Ӡыба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ашәарыцаразы ззин ыҟоу анормативқәа, иара убас ишьақәыргылоу азинеилагарақәа дрыхцәажәеит.

«Иахьоуп ҳара Гагра араион аҟынтәи ҳанааз, араҟа имҩаԥаагон аилагарақәа раарԥшра иазку ареидтә гәаҭарақәа. Аԥсаатәқәа рыбжьы аимитациа ҟазҵо афлеш-картақәа рымхра мҩаԥаагеит. Ауаа ирзеиҭаҳҳәеит ззин ыҟам аметодқәа рхархәара шыҟамло, уахь иаҵанакуеит уахынлатәи аамҭазы ақәырԥхагатә приборқәа рхархәарагьы», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Ҭемыр Ӡыба иара убас изакәанны ашәарыцаразы иаҭаху аусшәҟәқәа еиқәиԥхьаӡеит.

«Иахьатәи амш азы ихымԥадатәины иҟоу х-усшәҟәык ауп – абџьар аныҟәгаразы азин аршаҳаҭга, ашәарыцаратә билеҭ, ашәарыцаразы азин азы 300 мааҭ рҟынӡа инаӡо абаџь шшәоу азы аршаҳаҭга», - ҳәа иҳәеит иара.

Ашәарыцаразы азин ыҟаӡам аҳәарԥсаррақәеи амилаҭтә паркқәеи рҿы. Ашәарыцаҩ азин имоуп 20 цыра рҟынӡа ача еихсны рышьра.


Read 149 times - Аҩаша, 12 Цәыббра 2023 22:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.