pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Афымцамч ала аиқәыршәареи изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи ирызку азҵаарақәа рылацәажәара мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба ихантәаҩрала имҩаԥгаз аусуратә еилатәара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилатәара иалахәыз аекономика аминистр Аԥсны иҟоу арезервқәа рзы арбага хадақәеи афымцамч ахархәара адинамикеи рзы иҟалҵаз ажәахә иазыӡырҩит.

Ажәахә инақәыршәаны, ҳазҭагылоу аамҭазы афымцамч ахархәхара арбагақәа 10 млн кВт/с рҟынӡа инаӡоит, ас еиԥш иҟоу ахархәара анорма аан Урыстәылантәи иаауа афымцамч ала ишьақәгыло арезерв аӡын-ааԥынтәи аамҭахәҭа мацра акәым, 2023 шықәса ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭгьы иазымхар алшоит. Инамыцхәхны ахархәара ихадоу амзыс – акриптоваллиута арҳара азы ашьақәыргылагақәа изакәанымкәа раҿакра ауп.

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Рамин Зингишвили Аԥсны араионқәа рҿы инамацхәны афымцамч ахархәара аарԥшра азы иҟаиҵаз ажәахә алацәажәараан атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб араионтә фымцатә каҭақәа русура ахшыҩзышьҭа аҭара ахәҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит, избан акәзар араҟоуп изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа реиԥш урҭ русура азы ихымԥадатәиу амчхаратә трансформаторқәагьы раҿакра ахьзалыршахо.  

«Араионтә афымцамҩангагатә Станциақәа зегьы доусы рааигәа-сигәа, рраионқәа, рықалақьқәа рҿы имҩаԥысуа атәы шьахәлаҵәҟьа ирдыруеит. Ҳра иаҳҳәаӡом урҭ изакәанымкәа акриптовалиута арҳара апроцесс  ишашоу иалахәуп ҳәа.  Иҟалар ҟалоит уи ишашоу ишалаху шьақәырӷәӷәахаргьы.  Насгьы иҟоу дырны аус ахамыҵгыларагьы цәгьоуроуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» Аҳәынҭстандарти рыда ҳара акгьы ҳалшарым. Шәара афымцалашараԥхьаӡагақәа русушьа агәаҭареи урҭ рыҟазаареи рыҟамзаареи аилкаареи рзы анхарҭақәа рыҩналаразы анормативтә зин шәымоуп. Ҳара иаҳжьода? Ҳхала ҳхы ҳжьоит ауп иаанаго. Амаининг-фермақәа змоу  ирыхҟьаны ауааԥсыра зегьы гәаҟуеит! Уи шьҭа иаци иацжәацтәи амшқәа рыла зегьы еилыркаауеит. Инацҵаны афымцамч аашьҭра алыршахан, иаҳнаҭеи уи? Зегьы аалаган хыма-ԥсыма раппаратқәа аҿаркит», –  ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҭырқәа жәлар зегьы дрыдышшылеит:

«Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи апровинциақәа рҿы иҟалаз, акыр аԥсытәбареи ахыбрақәа реилыбгареи зцу адгьылҵысра ду азы ажәабжь хьанҭа.

Ари иуадаҩу аамҭа азы  иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, хыԥхьаӡара рацәала Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәеи  аҭырқәа жәлар зегьи гәк-ԥсыкала ҳрыдышшылоит.  Ахәрақәа зауз зегьы излауа ала ирласны ршьапы иқәгыларатәы алшара роуааит».

 Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс.  Ашәахьа, жәабранмза  6 рзы Аԥсны Аҳәынстандарт аҿы Урыстәылатәи Афедерациа атехникатә ҭышәынртәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә Маҵзура ахаҭарнакцәа алархәны астандартизциеи аметрологиеи ашьашәалара ахәшьара аҭареи рганахьала анапхгарабжьаратәи аусеицура азҵаарақәа рыла аусуратә еилатәара мҩаԥысит.

Аилатәара анхыркәшаха ашьҭахь Аԥсны астандартқәеи ахархәаратәии атехникатәи ахылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Нарсоу Сангәлиеи Урыстәылатәи Афедерациа атехникатә ҭышәынтәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Антон Шалаеви ажурналистцәа аиԥылара аилҵшәақәа ртәы рзеиҭерҳәеит.  

Нарсоу Сангәлиа урыстәылатәи аделегациа ҭабуп ҳәа раҳәо аганқәа Аԥсны азы акыр зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара аҭыԥантәи аалыҵ ахаҭабзиара астандартқәа раԥҵара, Урыстәылатәи Афедерациа ахь рышьҭра еиԥш арахь урыстәылатәи аспециалистцәа раашьҭралагьы ҳусзуҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра, иара убас егьырҭ акыр зҵазкуа азҵаарақәа жәпакы ҳрылацәажәеит.  Агәра сгоит иахьатәи ҳаиԥылара ҳаԥхьаҟа еффективла аусеицура ишацхраауа. Аԥсны азы ас еиԥш аизыҟазаашьақәа акыр аҵанакуеит, иазбан акәзар абизнес азҳауеит, аҭыжьра амҽхак иацлоит, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа дырҭбаауеит, атауареикәыршара иацлоит. Аамҭа ҳақәшәо ԥхьаҟа ҳцалароуп», – ҳәа иҳәеит Нарсоу Сангәлиа.

Антон Шалаев аԥсуа гани Аԥсны Аҳәынҭстандарти еиҿыркааз аиԥылара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи атехникатә ҭышәынтәалара аганахьала 2011 шықәса раахыс аусеицура рыбжьоуп. Аиашазы, усҟангьы аусеицура ахырхарҭа хадақәа алкаан. Аха иарбоу аусеицура аинтенсивтәра асимвол хаданы иҟоу  аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса рыбжьара, 2020-тәи ашықәс азы аҩ-ҳәынҭқррак Рхадацәа реиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟалаз  аҩ-ҳәынҭқаррак рекономикатәии рсоциалтәии аҿиареи урҭ рзакәанԥҵарақәа реишьашәалареи рганахьала апрограмма адкылара.  Иарбоу апрограмма аҿиара азы  2022 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭстандарти Урыстәыла Аҳәынҭстандарти рыбжьара аусеицуразы амеморандум анапаҵыҩра мҩаԥган.  Ҳара иԥхықәраны иҳаду ганкахьала абизнес, аԥснытәи еиԥш урыстәылатәгьы ԥықәсларадатәи аимадареи аусеицуреи рзы аҭагылазаашьақәа рырҿиара, атуарқәа рагара аҭышәынтәалара, иара убас урҭ рхаҭабзиареи ршәарҭадареи иахәҭоу ахылаԥшра аманы иҟалартә, аха убри аан имыцхуны аԥынгылақәа ҟамларатәы аҟаҵара», - ҳәа иҳәхеит  Антон Шалаев.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аинтернет-аҳамаҵдгалаҩ (апроваидер) «Система» Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы иҟоу аӡы аҩаӡара азы аинформациа амырзара хықәкыс иҟаҵаны онлаин-камера аҿыхын ҳәа асоциалтә ҳақәа рҿы аларҵәара зауз ацәажәарақәа ҵаҵӷәыдоуп, уи моу имцыркуп ҳәа адырра ҟанаҵоит.   

«Жәабранмза 3 – 6, 2023 шықәса рзы Егрытәи Аӡфымцатә станциа иахьаҵанакуаз атехникатә усурақәа мҩаԥысуан. Уи иахҟьаны уаҟа ишьақәыргылоу онлаин-камерақәеи ҳара ҳресурси  APSNY.CAMERA реимадара еиԥҟьеит. Убри аамҭазы асоциалтә ҳақәа ринформациатә ресурсқәа жәпакы рыла ҳара ҳресурс  APSNY.CAMERA анаӡара иахьаҵанакуа онлаин-камерақәа раҿыхра ала Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аҩаӡара азы аинформациа амырзара алыршахеит ҳәа акала ишьаҭаркым, имцырку аинформациа аларҵәара азы аҽазышәарақәа мҩаԥгахеит.

Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абас-гитарарҳәаҩы Антон Давидианци аџьазтә шәаҳәаҩы Лаура Водианицкаиеи Аҟәа ақалақь аҿы амастер-класс мҩаԥыргараны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акульутура Аминистрра.

Амастер-класс мҩԥгахоит жәабранмза 7, асааҭ 12:00 рзы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы.

Уи ихы алаирхәырц илшоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы, уи азы мацара атема «Мастер-класс» ала ахьӡи ажәлеи абхьӡи зну азыҳәамҭа абри аелектронтә ԥошьҭа ала идәықәҵатәхоит https://Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.

Аҟәа. Жәабранмза 6,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи евразиатәи аҵакыра аҿы агуманитартә усеицура ҳәаақәызҵо аиҿкаара хада – Евразиа ажәларқәа Рассамблееи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азы еиқәшаҳаҭхеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аиқәшаҳаҭра ахықәкы хаданы иҟоу – ихьыԥшым Аԥсынтәылеи  евразиатәи аҵакыра иаҵанакуа атәылақәеи рыбжьара ганрацәалатәи агуманитартәии аусуратәии аимадарақәа рҳәаақәа арҭбаареи рырӷәӷәареи ауп.

Аҟәа. Жәабранмза 6,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы Аминистрра ахь атәыла аҩадатәи апровинциақәа рҿы иҟалаз ирацәаны аԥсытәбареи аилыбгарақәеи зцыз адгьылҵысра  ду инамаданы адышшыларатә шәҟәы дәықәнаҵеит.  

Аҟәа. Жәабранмза 6,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны аԥсуа диаспора ахаҭарнак лыԥсҭазаара далҵит.  Уи Хапат лыжәлоуп, уажәазы  уи ауп иаадыруа, ҳәа  Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабы Алмасхан Ӷәынџьиа.   

Аҟәа. Жәабранмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥысуаз таитәи абокс азы аицлабрақәа рҿы ахьтәы медалқәа хԥа ранашьахеит.

Краснодартәи атәылаҿацә астаница Крыловскаиа аҿы араион ахада Ихраҿа агаразы имҩаԥысыз таитәи абокс азы аицлабрақәа рҿы аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа хԥа ранашьахеит.

Аҟәа. Жәабранмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи атхеквондистцәа Амуниципалтә Еиҿкаара Кургантәи араион аԥхьахәгара аҿы 19 медал ранашьахеит.

Атурнир рхы аладырхәит Краснодартәи атәылаҿацә, Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Аԥсны  рҟынтәи 300-ҩык инаеиҳаны аспортсменцәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иқәгылон 12-ҩык аспортсменцәа, урҭ спарринги  стоп-балл апрограммақәа рыла актәи 10 ҭыԥк, аҩбатәи 6 ҭыԥк, ахԥатәи 3 ҭыԥк ааныркылеит.

Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит: Сергеи Барцыц (ҩ-медалк), Дамир Ванаба, Арсен Челикиан, Даниел Манукиан, Роланд Абрамиан, Макар Мумџьиан, Камила Папазиани Ашоҭ Терзиани. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.