АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Цәыббра.2023

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу амемориал иану аҩырақәа дырҿыцуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы Аҟәа ақалақь аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.  

Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа ишеиҭаиҳәаз ала, уажәы анышәынҭрахаҳәқәеи амемориали рҿы иану аҩырақәа рырҿыцра иазку аусурақәа мҩаԥысуеит.  

«Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иҟаиҵаз адҵа ала амемориалтә комплекс аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа хацыркын, ахәҭакахьала, анышәынҭрахаҳәқәа ирну аҩырақәа рырҿыцра иалагеит. Аԥхьанатә аҩырақәа зегьы дыршшеит. Урҭ аԥшшәы рхаҵара азы ақәырԥыҟҟагала ихьыԥшшәылоу ашәыга ахьшьын. Иара убас – 1951 шықәса рзы ииз  Борис Кәыҵниа изкны даҽа нышәынҭрахаҳәк шьақәыргылахоит. Уи 1993 шықәсазы хабарда дыбжьаӡит, ааигәанӡа ихабар аӡәгьы издырӡомазт. Убасҵәҟьа, акомплекс хада аҟны аҩырақәа реиҭашьақәыргылара иазкны аусурақәа мҩаԥгахоит. Аамҭа иахҟьаны џьара-џьара иԥҽыз агранит аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит», - ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ԥиԥиа. 

Иара иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа абар шьҭа ҩымчыбжь ирылагӡаны имҩаԥсуеит, урҭ рхыркәшара цәыббрамза 22 иахымгакәа иазԥхьагаҭоуп.

 


Read 201 times - Ахаша, 13 Цәыббра 2023 22:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.