АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Цәыббра.2023

Лаша Ашәба Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Анастасиа Удальцова дидикылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлр Реизара-Апарламент аҿы Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәнҭқарратә Дума адепутат, амилаҭқәа русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Акомиетет алахәыла Анастасиа Удальцовеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥалара иара убас рхы аладырхәит адепутат Инар Гыцбеи Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниеи.

Адепутатцәа анаҩстәи апарламентбжьаратәи аусеицура, ахәҭакахьала, Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицура азы есымша аус зуа Акомиссиа аусура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.    


Read 199 times - Ахаша, 13 Цәыббра 2023 22:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.