АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Цәыббра.2023

Ҳазҭоу ашықәс азы акьыбачымазаратә Центр аҿы ахирургиатә хәышәтәра иахысыз ауаа рхыԥхьаӡара 214-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба  Амилаҭтә кьыбачымазаратә Центр аҳақьым хада Нарҭ Гамгьиа анҭыҵтәи аусуратә иԥылара мҩаԥигеит. Иарбоу амедицинатә усбарҭа аҳақьым хада ацентр аҿы иахьазы 6 нызқьи 172-ҩык  ашәҟәы иҭагалоуп  ҳәа аминистр адырра ииҭеит.

«Сынтәа адиспансертә хәышәтәразы ашәҟәы иҭаргалаз ачымазцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 598-ҩык рҟынӡа инаӡоит, иҳаҩсыз ашықәс азы уи  393-ҩык рҟынӡа инаӡон. Урҭ рахьынтә зкьыбачымазара шьақәырӷәӷәоу – 381-ҩык апациентцәа роуп, иҳаҩсыз ашықәс азы урҭ рхыԥхьаӡара 390-ҩык рҟынӡа инаӡон. Иазгәаҭатәуп, урҭ рахьынтә 217-ҩык ҳара акьыбачымазара аламҭалазтәи аҭагылазаашьа зманы ашәҟәы иҭаҳгалаз, иара убри ала зыԥсы аиқәырхара алыршахаз роуп. Иҳаҩсыз ашықәс азы ус еиԥш иҟоу апациентцәа рхыԥхьаӡара 103-ҩык рҟынӡа инаӡон, уи аилыркаара-дырратә усура иҿыцу аҩаӡараҿы ишцәырҵыз, насгьы ачымазцәа ирыҭахо амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара аиӷьтәра шалыршахаз атәы аҳәоит», - ҳәа иҳәеит Нарҭ Гамгьиа.  

Уи иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы ахирургиатә хәышәтәра роуит 214-ҩык, 518-ҩык апациентцәа ахимиатерапиатә хәышәтәра иахысит.

Актәии аҩбатәи ацәаҳәа иаҵанакуа ахимиатә маҭәашьарқәа зегьы рыла аиқәыршәара агәабзиарахьчара Аминистрра  ахахьы иагоит.

Едуард Быҭәба, ареспублика аҿы аонкологиатә маҵзура арӷәӷәара инамҩатәны, агәабзиарахьчара Аминистрра «Ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Аполис» ҳәа апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла ауааԥсыра ахәышәтәразы Урыстәылаҟа рдәықәҵара еиҿнакаауеит, уи ареспублика абиуџьет ақәыӷәӷәара акыр еиҵанатәуеит ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Сынтәа 27-ҩык Шәача ақалақь акьыбачымазаратә Центр аҿы ахимиатерапиатә хәышәтәра иахысит, 34-ҩык – ашәахәатә терапиа иахысит. Бжьаратәла, курск ахәԥса 500 – 700 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, имаҷӡам  зыхәԥса  1 млн. мааҭ иреиҳаны атерапиа иахрыжьуагьы.  Иарбоу ахырхарҭала аусура хымԥада иацҵахоит. Атәыла анапхгара таргетнаиа  терапиа ҳәа изышьҭоу икылкаау ахимиотерапиа азы аҭыԥантәи акьыбачымазаратә Центр афинансыркра амҽхак еиҳа-еиҳа иарҭбаауеит.  Иаагозар, иҳаҩсыз ашықәс азы 20 млн. мааҭ ҳалацәажәозҭгьы, сынтәа иалаҳҵаз азыҳәамҭақәа рыла ҳтәыла анапхгарала иазоужьхеит  40 млн. мааҭ», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

«Ҳара ареспублика анапхгара аганахьала аилкаара ҳамоуп, атәылауаа рыхәышәтәра – аҳәынҭқарра азы хадара злоу усуратә хырхар-аны иҟоуп. Ашықәс анҵәамҭазы акьыбачымазаратә Центр азы иаараны иҟоуп зыхәԥса ҳараку ахирургиатә еиқәыршәага, уи аахәаны адәықәҵаразы ирхиоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.


Read 196 times - Ахаша, 13 Цәыббра 2023 21:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.