АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Цәыббра.2023

Аԥсны аикидо Афедерациеи Урыстәыла аикидо Амилаҭтә хеилаки аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Цәыббрамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аикидо Афедерациеи Урыстәыла аикидо Амилаҭтә хеилаки аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аиқәшаҳаҭра, аԥышәеимдареи аинформациатә еимадареи рзы аконсультациақәеи аиԥыларақәеи рымҩаԥгарала аҩганктәи аусеицура арӷәӷәареи аҿиареи рзы иарбоу аиҿкаарақәа аикидо аусхкы аҿы аусеицура азԥхьагәанаҭоит.

Аганқәа аԥснытәии урыстәылатәи аспортсменцәа, акомандақәа, азыҟаҵаҩцәа аҩ-ҳәынҭқаррак рҿы имҩаԥгахо аиндаҭларақәеи жәларбжьаратәи аспорттә усмҩаԥгатәқәеи  рылахәхара иацхраалоит, иара убас аҵара-зыҟаҵаратә еизгарақәа, аикидо азы амилаҭтә еизгоуи аклубтәи акомандақәа рыспорттә ҟазара аҩаӡара ашьҭыхразы аҽазыҟаҵарақәа реицымҩаԥгареи адгылара аҭара алдыршалоит.  


Read 158 times - Ахаша, 13 Цәыббра 2023 18:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.