АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Цәыббра.2023

Аҵара Аминистрра ахьӡала 600 комплект инареиҳаны ашколтә формақәа Аԥсны ашколхәыҷқәа ирзыршеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара Аминистрра зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩуи ахәыҷы рацәа змоуи аҭаацәа рзы араионтә ҵарадырра аҟәшақәа ашколтә формақәа рзоунажьит.  Ашколтә форма аахәан Аминистрра абиуџьет ахарџь ала.

«Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Кәыҭелиа, абар шьҭа ԥшьышықәса инеиԥынкыланы Аминистрра зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа ашколтә формала реиқәыршәара еиҿнакаауеит. Сынтәа аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи рзы  600 комплект  аахәан, ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара араионтә аҵара ҟәшақәа ҳрыдҵаалоит, урҭ ацхыраара зҭаху рсиақәа ҳарҭоит, анаҩс Аминистрра иалшо ала ахәыҷқәа рзы ашколтә формақәа аанахәоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Кәыҭелиа.

Иара формала аиқәыршәараҿы ацхыраара зҭаху зегьы ацхыраара рыҭара имариам усуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара жәаҳәарада еилаҳкаауеит иҟоу ахыԥхьаӡара шазымхо, аха уеизгьы еиҳа социалла ихьчам ауааԥсыра рыхәҭа цхыраарада иаҳзааныжьӡом», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Кәыҭелиа.

Аслан Кәыҭелиа ари аусура хымԥада иацҵахоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.


Read 252 times - Аԥшьаша, 14 Цәыббра 2023 21:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.