14.Цәыббра.2023
Аҟәа ақалақь, Алашарбага аҳабла иахьаҵанакуа ахаҵа амшын дагеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа аӡымҽхак аҿы иахьа ашьжьымҭан аӡы дагеит 1995 шықәсазы ииз ахаҵа.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рыла, атрагедиа ҟалеит «Алашарбага» аҳабла иахьаҵанакуа.