Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 19 рзы имҩаԥысраны иҟоу аминистрцәа Реилазаара аилатәара амшхәаԥштә иалагалоуп асоциалтә ҵакы змоу азҵаарақәа 9.
Анапхгара 2023 шықәсазы ахықәкытә напхгаратә программақәа шьақәнарӷәӷәараны иҟоуп:
«Атылауаа Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа еиԥш уи анҭыҵгьы рыхәышәтәра аиҿкаара».
«Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рзы ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи амаругақәеи еизакны раахәара».
«Аҷаҷа чымазара змоу рзы Аԥсны ахарҭәааратә терапиа аҿиареи аиҿкаара аиӷьтәреи».
«1992–1993 шш. Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рмедицинатә реабилитациа».
«Аԥсны ауааԥсыра атуберкулиоз чымазара рацәыхьчара иазку аусура аиӷьтәра».
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара иаҵанакуа аҿар разыҟаҵараан амедицинатә еиқәыршәара аиҿкаара».
Амшхәаԥштә зҵаарақәа ирылагалоуп иара убас Биџьев К. Иу., Ҵәыџьба Д. Т. рҭаацәарақәа зныктәи асоциалтә шәатәқәа рыҭара азҵаарақәагьы.
Ԥхынҷкәынмза 25, 2019 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз «Автотранспорттә хархәагақәа рыхәҭазаара анормақәа рзы» Ақәҵара №217 аиҭакрақәа ралагаларагьы азԥхьагәаҭоуп.