АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Рашәара.2023

Ахәыҷтәы литература аԥхьара зцыз арҿиаратә хәылԥазы мҩаԥыргеит «Москва Аҩны» аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, рашәарамза 2 рзы Аҟаа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит ахәыҷтәы литература аԥхьара зцыз арҿиаратә хәылԥазы.

«Москва Аҩны» апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аусмҩаԥгатә иалахәхеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа рхәыҷқәа. Аиԥылара аинтерактивтә формат ала имҩаԥигеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиор Џьамбул  Жорданиа.

Аиԥыла иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит «Москва Аҩны» аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы асектор анапхгаҩы Мариа Соиа.

«Ас еиԥш аформат ала арҿиаратә еиԥыларақәа Москва аҩны азы шьҭа традициала ишьақәгылеит. Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит урҭ ҳахәаԥшцәа рзы аинтересс ду ахьаҵоу. Агәыӷрагьы ҳамоуп   иахьатәи ҳаиԥылара шәара шәзы хра злоу акакәны ишыҟало, насгьы уи акыраамҭа шәгәалашәараҿы ишаанхо», – ҳәа илҳәеит лара.

Анаҩс Џьамбул Жорданиа ашколхәыҷқәа рзы азҿлымҳара аҿиаразы актиортә тренинг маҷ мҩаԥигеит, иара убас ахьа Алеқсандр Сергеи-иԥа Пушкин илаҟә «Ахьтәы рбаӷь азы алаҟә» аԥхьара шымҩаԥысуа, уи ашьҭахь ари арҿиамҭа аилыргареи алацәажәареи шымҩаԥгахо ахәыҷқәа ирзеиҭеиҳәеит.

«Алеқсандр Пушкин иоуп ҳаамҭазтәи аурыс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩыс иҟоу. Убри аҟнытә, ахшыҩзышьҭа аҭаны шәазыӡырҩы, нас шәареи ҳареи ари алаҟә ҳалацәажәоит», - ҳәа  иҳәеит Џьамбул Жорданиа.

Алаҟә аԥхьара ашьҭахь арҿиамҭа аԥхьаҩ инаҭо аҵакытә нырра ахьынӡаҳараку иалацәажәеит. Иара убас  Џьамбул Жорданиа актиортә дыррақәа рхархәарала аинтерактивтә хәмарра мҩаԥигеит.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аиԥылара иалахәыз ашәҟәқәа ҳамҭас ирырҭеит, иара убас еиҿкааз афуршет ахь иаарыԥхьеит.

Аусмҩаԥгатә Москва ақалақь Анапхгареи Москва ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәеи Рдепартаменти аидгьылуаҩ Москватәи Иҩни иҟарҵаз адгыларала Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы еиҿкаахеит.

Уи аԥхьа «Москва Аҩны» Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара Амш иазкыз иаарту ахәыҷтәы аԥкьаҭмпыл атурнир мҩаԥнагеит.  


Read 223 times - Амҽыша, 04 Рашәара 2023 23:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.