АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Рашәара.2023

Аԥсни Бурси рыхәҳаахәҭра-ааглыхратә Палатақәа аилибакааразы Амеморандум рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аусуратә визитла Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Тамила Мерцхәлаа ақалақь Бурса Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгара ахаҭарнакцәа дырԥылеит.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа аусеицура, Аԥсны аекспорт-импорттә потенциал, иара убас ԥышәала аимадара алыршара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.  

«Адунеи зегьы Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палатақәа активла аусеицура рыбжьоуп, ҳаргьы ҳазгәдууп Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҳәаанырцәтәи аколлегацәа рымадара ахьҳамоу. Ҳусеицура агеографиа есааира аҽарҭбаауеит, аԥснытәи аусдкылаҩцәа ҭырқәтәылатәи рколлегацәеи дареи шықәсырацәалатәи еицырзыфеидоу аизыҟазаашьақәа шрыбжьало азы агәыӷра рымоуп», – ҳәа иазгәалҭеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент.

Тамила Мерцхәлаа аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара иҟоу атауареикәыршара есышықәса ишацло азгәаҭо урҭ аринахыс еиҳа-еиҳа ишацлало азы   агәыӷра шлымоу аалырԥшит.

Лара иара убас Ҭырқәтәыла, ахәҭакахьала ақалақь Бурса аҿы, хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора шынхо, насгьы урҭ адгылара ҟарҵап ҳәагьы агәыӷра шыҟоу азгәалҭеит.

Ахәҭакахьала, Бурса Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата адиректорцәа рхеилак алахәыла Ҳақан Баҭмаз реиҿкаара аҭоурых иааркьаҿны далацәажәеит. 1889 шықәсазы акреилызцоз абизнесменуаҩы ила иаԥҵаз Бурса ақалақь Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата иахьа Ҭырқәтәыла иҟоу ахәаахәҭа-ааглыхратә Палатақәа иреиҳау палатаны иҟоуп.  Уи иалоуп 55 нызықь инареиҳаны анаплакқәа, урҭ реиҳарак – имаҷууи ибжьаратәууи абизнес анаплакқәа роуп.

Ҳақан Баҭмаз иара убас ҳаԥхьаҟа Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аус ацура шыҟало азы игәаанагара иҳәеит.

«Иазгәасҭарц сҭахуп ҳара ахшыҩзышьҭра аҭаны аԥснытәи ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аусура шҭаҳҵаауаз, убри аан гәахәарыла ишазгәаҳҭаз уи мҽхакы ҭбаала инанагӡо аусура, шәара Аԥсны еиԥш аҳәаанырцәгьы имҩаԥыжәго аусмҩаԥгатәқәа шаҟа ирацәоу», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳақан Баҭмаз.

Уи Бурса ақалақь абасратә ааглыхра, автомашьынатә, ихьанҭоу ааглыхреи рыла ишеицырдыруа азгәеиҭеит.

«Ҳара иҳамоу аԥышәала аимдара ҳазхиоуп, шәбизнесменцәа ирыдаагалашагьы ҳамоуп», – ҳәа иҳәеит Ҳақан Баҭмаз.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа аилибакааразы Амеморандум рнапы аҵарҩит, агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.


Read 198 times - Амҽыша, 04 Рашәара 2023 23:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.