АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Рашәара.2023

Хьыбла Герзмаа рашәарамза 20 рзы Кремльтәи ахан аҿы дықәгылоит.

Аҟәа. Рашәарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза 20, 2023 шықәсазы лҩызцәа лыцны Аҳәынҭқарратә Кремльтәи ахан аҿы дықәгылоит  иналукааша аопертә шәаҳәаҩы шьахә, иуникалу абжьы зхоу, ифеноменалтәу адраматә баҩхатәра злоу Хьыбла Герзмаа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Кремльтәи ахан аофициалтә саит.   

Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка апублика ирызналгараны дыҟоуп апрограмма ҿыц «Аопера. Џьаз. Акино». Уи иалагалоуп  адунеизегьтәи аопертә шедеврқәеи аџьазтә стандартқәеи реиԥш, урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии акинематограф акульттә          ашәақәагьы. Ари амузыка шьахә аԥхынтәи ахәылбыҽха ссир азы иааиз азыӡырҩцәа ргәалаҟазаара акыр ишьҭнахуеит.

Хьыбла Герзмаа лнаҩс, аконцерт рхы аладырхәуеит аклассика, аџьаз, аестрада еицырдыруа артистцәа: збаҩхатәра азхаҵоу, «аџьаз аҳкәажә» ҳәа изышьҭоу Лариса Долина,  Атеатр Ду иԥхьагылоу артист, еицырдыруа аопертә шәаҳәаҩы Игорь Головатенко, ашоу «Голос», «Три аккорда» алахәыла, ахаризма злоу ашәаҳәаҩы Мириам Мерабова, еицырдыруа ашәаҳәаҩ, акомпозитор, ателемҩаԥгаҩ Алеқсеи Чумаков, аҟыбаҩ злоу амузыкант, авокалтә импровизациа азҟаза Алеқсандр Панаиотови уҳәа егьырҭ аӡәырҩы. Артистцәа ықәгылоит Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр акомпонименттә цхыраарала, адирижиортә пульт дахагылоит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, атеатр Ду адирижиор Антон Гришанин.

Аконцерт аиҿкаара ахахьы иагеит –Денис Мацуев, Хьыбла Герзмаа, Ильдар Абдразаков, Альбина Шагимуратова, Игорь Бутман, уҳәа зхыԥхьаӡараҿы иҟоу иԥхьагылоу урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии анагӡаҩцәа аӡәырҩы 10 шықәса инареиҳаны аус рыцызуа   жәларбжьаратәи аконцертә агентра Moscow Nights.  Ари агентреи Владимир Спиваков, Иури Башмет, Алеқсандр Сладковски, Филипп Чижевски, Фабио Мастранџьело, Арсенти Ткаченко, уҳәа  еицырдыруа адерижиорцәа жәпакы  шықәсырацәалатәи аусеицура рыбжьоуп.  


Read 211 times - Амҽыша, 04 Рашәара 2023 19:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.